Игор Адлеиба Алексеи Тухтаров дииааит Екатеринбургтәи аиқәԥараҟны

© Foto / Screenshot: MMA & BoxingИгор Адлеибеи Алексеи Тухтарови реиқәԥара
Игор Адлеибеи Алексеи Тухтарови реиқәԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Игор Адлеиба дызлахәыз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз мҩаԥысит Екатеринбург, лаҵара 18 рзы.

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа спортсмен Игор Адлеиба ф-раундк реихшьалала Алексеи Тухтаров дииааит Екатеринбург имҩаԥысуаз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҟны.

Игор Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Адлеиба Екатеринбург иқәгылара иҽазыҟаҵашьазы: исфом, изжәуам

"Ақәԥара уадаҩын, аҵыхәтәа зеиԥшрахоз узеилкаауамызт. Сзындаҭлоз иааирԥшыз аиқәԥашьа сазыԥшымызт. Уи сара сзы иԥышәа духеит. Иҵегь еиӷьны сықәԥаргьы ҟалон. Ф-раундк ракәын ҳахьеиқәԥоз. Аиааира згеит аӡбаҩцәа еицҿакны иҟарҵаз рыӡбамҭа инақәыршәаны", - абас иеиқәԥара ахҳәаа азыҟаиҵеит Игор Адлеиба, Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

Игор Адлеиба дызлахәыз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз мҩаԥысит Екатеринбург лаҵара 18 рзы.

Уи аиқәԥара ишиашоу аефир аҟны иддырбон YouTube RCC Boxing & MMA аканал аҟны.

Ари аиааира ашьҭахь апрофессионалтә боксиорцәа рыбжьара Игор Адлеиба иреитинг акыр иазҳауеит.

Игор Адлеиба Аԥсны изныкымкәа дачемпионхахьеит, жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы аиааирақәа игахьеит, кикбоксинг азы Адунеи ахраҿа даԥсахахьеит, абокс азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ имоуп, Урыстәыла аспорт азҟазарахь дкандидатуп. Адлеиба апрофессионалтә ринг аҿы бжьынтә дықәгылахьеит, рыбжьынтә раангьы аиааирақәа игеит, урҭ рахьтә хынтә - аҿҳәара ааиаанӡа.

Алексеи Тухтаров апрофессионалтә боксиорцәа рыбжьара дықәгылоит 2019 шықәса инаркны, убри аан иара 21 еиқәԥара мҩаԥигеит, RCC Boxing Promotions атурнирқәа рыҟны убрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0