РУСДРАМ "Ҳаџьы-Мураҭ" афестиваль "Толстой Weekend" ахь инанагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ"
Аспектакль Ҳаџьы-Мураҭ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Толстой Weekend" мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 4 -7, 2019 шықәса рзы, Тулатәи аобласт, Лев Толстои игәараҭаҿы.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр ааԥхьара аиуит Иаснаиа Полиана имҩаԥысраны иҟоу афестиваль "Толстой Weekend" ахь. Аԥснытәи атеатр уахь инанагоит аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит арежиссиор ицхырааҩ Лика Мамацева.

"Ҳара агәахәара дуӡӡа ҳнаҭеит иаҳзаарышьҭыз аофициалтә ааԥхьара. Ари хҭыс дууп РУСДРАМ азы адагьы, Аԥсны атеатртә еилазаара зегь азы. Афестиваль "Толстой Weekend" даара аҵак ду змоу усмҩаԥгатәуп", - лҳәеит Мамацева.

Лаҵара 21 рзы аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" РУСДРАМ аҿы иддырбоит.

"Ҳара зегьы аспектакль ахь шәааҳаԥхьоит", - лҳәоит Лика Мамацева.

Жорданиа "Ҳаџьы-Мураҭ" азы: адунеи иакәыршазар цәгьам ҳәа ахәшьара арҭеит>>

Мамацева лажәақәа рыла, афестиваль "Толстой Weekend" адәаҿы имҩаԥгахоит.

Афестиваль "Толстой Weekend" уажәы ԥшьынтәуп имҩаԥыргоижьҭеи. Сынтәа уи мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 4 -7, 2019 шықәса рзы, Тулатәи аобласт, Лев Толстои игәараҭаҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0