Апарламент аҿы абжьыҭирахь инаргоит алхрақәа ррыцхә анахара азҵаара

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахараз Апарламент аԥхьа амитинг
Атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахараз Апарламент аԥхьа амитинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахараз Апарламент аԥхьа амитинг иалахәуп шәҩыла ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент аҿы иаԥҵоуп акомиссиа ареспублика ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахара алацәажәаразы.

Атәыла аоппозициа амитинг мҩаԥыргоит рхада Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахарц.

Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа еизеит шәҩыла ауааԥсыра - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахатәуп ҳәа адҵа ҟарҵоит

Еизаз рахь инеит адепутатцәа гәыԥҩык. Урҭ ирҳәеит Апарламент аилатәара шцо, алхрақәа ҭагалан ахь риагаразы абжьыҭира шымҩаԥгахо. Адепутатцәа аилатәара ҷыда мҩаԥыргоит алхрақәа ррыцхә аиҭакразы иҟаҵаз ажәадгала инақәыршәаны.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0