Аиааираҟынӡа шьаҿак шагыз: Валериа Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит "Ты супер" заанлыжьыз

© Sputnik / Томас ТхайцукВалериа Адлеиԥҳа
Валериа Адлеиԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателепроект "Ты супер! Суперсезон" ахԥатәи асезон алахәыла Валериа Адлеиԥҳа афинал ахь анеира мап зацәылкыз, уи аӡбаҩцәеи лыуацәеи ишрыдыркылаз, иара убас лхәыҷра ашықәсқәа рымҩаԥысшьа атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҟны.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Ателешоу "Ты супер" актәи асезон аҟны аиааира згаз аԥсуа ҭыԥҳа Валериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа дхынҳәит қәҿиарала имҩаԥылгаз лықәгыларақәа рышьҭахь. Уи далахәын "Ты супер" ахԥатәи асезон афиналбжа, аха иаалырҟьаны апроект шынлыжьуа, афинал ахь ацара мап шылкуа азы аӡбамҭа атәы рылалҳәеит аконцерт аан. Уи лҟазара бзиа избо зегьы аршанхеит.

Лара лажәақәа рыла, ари асезон алахәра маҷк илцәыхьанҭан.

"Сара исцәыуадаҩын ари асезон алахәра. Избанзар ари апроект иснаҭараны иҟаз зегьы соухьеит - аԥышәа, аҩызцәа бзиақәа, алшара дуқәа. Сгәы ззыҳәоз зегьы сымоуп уажәшьҭа. Зегь реиҳа ихадоу - сҭаацәеи сареи ҳаицыҟоуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьаан зыԥсҭазаараҟны ауадаҩрақәа змоу, ԥхьаҟа иҵегьы аҿиара зҭаху ахәыҷқәа рацлабра уажәшьҭа сганахьала ииашам ҳәа сыԥхьаӡоит. Убри азы, саахәыцын, ари апроект аансыжьырц сыӡбеит", - лҳәеит Валериа.

Лара лан Мадина Ешԥҳа лыԥҳа иҟалҵаз аӡбамҭа дадгылеит. Аиашаҵәҟьа уҳәозар, лара лоуп еиҳарак уи дазаазгазгьы.

"Лереи сареи ари аҵыхәала акыр ҳаицәажәон. Ларгьы ус иаҳа ишиашоу лхаҿы иаалгеит. Ииашам ҳәа иҳаԥхьаӡоит афинал ахь анеира, аиааира иаҳа изҭаху ахәыҷқәа рԥырхагара", - лҳәоит Ешԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛера Адлеиԥҳаи лан Мадина Ешԥҳаи
Аиааираҟынӡа шьаҿак шагыз: Валериа Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит Ты супер заанлыжьыз - Sputnik Аҧсны
Лера Адлеиԥҳаи лан Мадина Ешԥҳаи

Ажиуригьы ахәаԥшцәагьы ари аҩыза иазыԥшымызт.

"Лера лгәы иҭакыз анылҳәа, Виктор Дробыш дахьтәаз ҿиҭуан, "ус ҟабымҵан, ус ҳзыбымун, иаҭахым" ҳәа. Аефир аҟны иддмырбеит акәымзар", - еиҭалҳәоит Мадина.

Лера ари аҩыза ашьаҿа ахьыҟалҵаз лгәы иалаӡам. Избанзар ари апроект аҩызцәа бзиақәеи, аԥышәа дуи, апрофессионалтә рҵаҩцәеи лоуртә аҭагылазаашьа лнаҭеит. Асцена дуи иҭәу азалқәеи уажәшьҭа дрышьцылахьеит, аха уеизгьы еснагь лгәы хыҭхыҭуеит.

Валериа Адлеиаԥҳа Ты супер шынлыжьуа атәы лҳәеит - Sputnik Аҧсны
Валериа Адлеиаԥҳа "Ты супер" шынлыжьуа атәы лҳәеит

"Ақәгыларахь санцәырҵуа есымша сгәы хыҭхыҭуеит, аха уажәшьҭа схы асыршьцылеит ус ашәаҳәара. Раԥхьатәи ацәаҳәақәа анысҳәалак ашьҭахь, зегьы сыхгоит", - дҳәеит Адлеиԥҳа.

Валериа лықәгыларақәа раан агәамбзиарагьы лыхьӡахьан.

"Москваҟа данцоз алымҳа хьаа лызҵысит. Уи ахәшәтәра иалагеит, аха еиҳагьы еицәахеит. Данықәгылоз ллымҳа маҷӡак акәын иаҳауаз. Аха уи аҭагылазаашьагьы даиааирц зегьы лывагьежьуан", - еиҭалҳәеит Мадина.

Лера апроект аҟынтә даныхынҳә ашьҭахь аԥсшьара ҳәа акгьы лмоуит. Арҭ амшқәа рзы аҵарашықәс нҵәоит, иҟоуп лара илыгхазгьы. Лыхәшьарақәа риашаны, лҩызцәа дрыхьӡароуп. Аха ашәаҳәаҩ қәыԥш лышколтә рҵаҩцәа лҭагылазаашьа еилыркаауеит.

"Ҿырԥштәыс иааугозар, химиазы сырҵаҩы ашықәс азтәи ҳахәшьарақәа анҳалалҳәоз, сара "хԥа" шысзалҵуа лҳәан, аха "иацы ашәа бзианы иахьыбҳәаз азы "ԥшьба" бзықәсыргылоит" ҳәа салҳәеит. Зегьы сыкласс ахь иҩналаны аԥсшәа сарҳәон, сгәыдыркылон, сгәы ҟарҵон", - лҳәеит аҭыԥҳа.

Валериа лан лажәақәа рыла, лыԥҳа лымшынҵаҿы уаанӡа хԥақәа анымлацызт, аха уажәшьҭа иааиуа аԥхынразы уи дызхьымӡаз зегьы халырҭәаауеит.

Мадина лгәы маҷк илнархьуеит Лера лгастрольқәеи, лықәгыларақәеи, лҽазыҟаҵарақәеи ирыхҟьаны лхәыҷра ашықәсқәа лымбаӡакәа алывсра иахьаҿу.

"Убри азы ашкол ашьҭахь аҩныҟа данаауа, хәылбыҽхала лара, хәыҷҵас, ауаргьала дақәтәоит. Уи сара сгәы снархьуеит, избанзар сара соуп ашәаҳәарахь лшьаҿа еихылгарц лабжьызгаз", - лҳәоит Мадина.

Ажәабжьқәа зегьы
0