АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауаажәлари асасцәеи рыԥсҭазаареи русуреи ирԥырхагоу ашьаҿақәа ҟарымҵаларц, абри атәы аанацҳауеит аминистрра аофициалтә саит.
Уи адагьы, аусбарҭа атәылауаа ирыҳәоит "апровокациақәа рыҽрырымҭаларц, ироуа аинформациа иазхәыцны, цқьа иҭҵааны, азакәан иқәныҟәаларц".
"Ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа шьоукы-шьоук рхымҩаԥгашьа аполитикатә шантаж иеиԥшуп, атәылауаа рыхдырра аманипулиациа азыруеит, ргәалаҟазаарақәа ирылахәмаруеит, зны-зынлагьы ирырҭоит ииашам, иҵаҵӷәыдоу аинформациа. Ари зегьы ҳтәылаҟны иҽеим аҭагылазаашьахь икылнагар ҟалоит", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Аԥсны ААР иаҿагылоит "азакәан еилазго аусмҩаԥгатәқәа, атәыла ахы-аҵыхәа азинмчра ашьақәыргыларазы иқәԥоит".
Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит>>
Иара убасгьы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иқәныҟәаларц.
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 478-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 62-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
65 шықәса зхыҵуаз апациент иԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит ажьырныҳәа 21 рзы, иара иахәҭаз ахәышәтәра дшахысуазгьы, ажьырныҳәа 22 рзы иԥсҭазаара далҵит. Изышьақәыргылан адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц", зыҽзыруадаҩыз ачымазара хада - "ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра".
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ажьырныҳәа 21 ауха лыԥсҭазаара далҵит 1958 шықәса рзы ииз апациентка. Адиагноз акоронавирустә инфекциа ҿыц.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 128-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 37-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 58-ҩык пациент.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11096-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8943-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 157-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Сергеи Габелиа диит 1939 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. 1972 шықәсазы рзы Сергеи Габелиа Асахьаҭыхыҩцәа реилазаара анапхгаҩыс дахадыргылоит. Уи аусура кыршықәса даланахалоит, 20 шықәса инареиҳаны.
Сергеи Габелиа – жәлары дырсахьаҭыхҩуп. Ирҿиамҭақәа ауаа зегьы ирзааигәоуп, еилыркаауеит. Иара инапынҵақәа нижьит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: апортреҭ, апеизаж, абзазаратәи, аҭоурыхтә сахьақәеи рҿи.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны, ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Сергеи Габелиа диижьҭеи 82 шықәса ҵит ажьырныҳәа 23 рзы.
Ақыҭа ԥсҭазаарахь имаз абзиабара иусумҭақәа жәпакы ирныԥшуеит. Асахьа "Аџьатә ҭаацәара".
Сергеи Габелиа диит 1939 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Гәыԥтәи абжьаратә школ аҿы аа-класск хыркәшаны, иҵара иациҵеит Тҟәарчалтәи абжьаратә школ No1 аҟны.
Сергеи Габелиа – жәлары дырсахьаҭыхҩуп.
Ирҿиамҭақәа ауаа зегьы ирзааигәоуп, еилыркаауеит.
Габелиа инапынҵақәа нижьит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: апортреҭ, апеизаж, абзазаратәи, аҭоурыхтә сахьақәеи рҿи.
"Ирацәоуп апатреҭтә жанр ала аԥсуа быргцәа нагақәа рхаҿсахьақәа иаанижьыз. Еиҳаракгьы аҿыханҵа аҟны акәын иҽахьԥишәоз, иара убасгьы ашәҟәқәа сахьала еиқәиршәон. Сергеи Габелиа аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазараҟны иаарылҳәҳәо ҳәа иҟоу дреиуоуп. Иуаҩышьа бзиан, инакәызаалак аӡәы игәы иалсуа аҳәара иҟазшьамызт, дҩыза бзиан, даԥхьагылаҩын", - иҳәеит Сергеи Ҵәыџьба.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны, ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Асахьа "Прибалтика". Сергеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьан.
Афон Ҿыц. Сергеи Габелиа иусумҭа.
Абырг Ҟасҭеи Арсҭаа ихаҿсахьа Сергеи Габелиа иҭыхит 1970 шықәсазы.
Многим было бы интересно видеть работы Габелия в Выставочном зале Союза Художников Абхазии, погрузиться в волнующий мир мыслей и чувств художника, которые двигали им на творческом пути.
Сергеи Михаил-иԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан "Ажәеиԥшьаа" ҳәа акарикатуристцәа реилазаара еиҿызкааз дреиуоуп.
"Ажара".
Сергей Габелиа иҷкәын иавтопортреҭ.
Ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны.
Ирацәоуп апатреҭтә жанр ала аԥсуа быргцәа нагақәа рхаҿсахьақәа иаанижьыз.
Сергеи Габелиа идипломтә усумҭа амҳаџьырра иазкын, уи атема дазыхынҳәауан анаҩс ирҿиараҟны.