Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьақәа амҩакрахь икылыргеит

© SputnikПост ГАИ у Бзыбского моста
Пост ГАИ у Бзыбского моста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициаа рхаҭарнакцәа, лаҵара 20 рзы атәыла ахада иалхра аҿҳәара анахаразы Апарламент ахь инеииз, лаҵара 21 ауха Бзыԥи Тамшьи аҭыԥқәа рҿы ареспубликатә трасса ркит. Sputnik акорреспондент Бзыԥтәи аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭатә ҭыԥ ахь днеины акциа алахәылацәеи уи шасыс иазыҟалаз ауааи дрыҿцәажәеит.

Бадри Есиава, Sputnik

Асааҭ 3:00 рзы Бзыԥтәи аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭатә ҭыԥ аҿаԥхьа жәаба инарзынаԥшуа автомашьына гылан. Ара игылан ацхыраара ласы амашьынагьы, аха уи аамҭақәак рыла иоурышьҭит. Иоурышьҭит ацхыраара лас иацыз амашьынақәагьы.

СТОП - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит

Иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара дақәшаҳаҭхеит зыхьӡ арзара мап ацәызкыз акциа алахәылацәа руаӡәк. Иара иажәақәа рыла акциа ҿҳәарадоуп – иахьатәи атәыла ахада иҭыԥ нижьаанӡа имҩаԥыслоит.

Аԥсны аоппозициаа рхаҭарнакцәа, лаҵара 20 рзы рхада Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы атәыла ахада иалхра аҿҳәара анахаразы Апарламент ахь инеииз, лаҵара 21 ауха Бзыԥи Тамшьи аҭыԥқәа рҿы ареспубликатә трасса ркит Апарламент адепутатцәа бжьыҭирала уи мап анацәырк ашьҭахь.

Ҳзыҿцәажәоз ауаҩы иҳәеит ԥынгылада ишоурышьҭуа ацхыраара ласы амашьынақәа, амцарцәага машьынақәа иара убасгьы зцәа зтәым аҳәсеи ахәыҷқәеи зҭоу амашьынақәа.

Еишьҭагылаз амашьынақәа руак аҟынтәи ԥҳәыск иҟоу цқьа сзеилмырго иҳалҳәон:

"Амҽыша арантәи сцеит, уажәы Аҟәаҟа схынҳәуеит. Иҟоу акгьы сыздырам. Аҩны ԥшьҩык ахәыҷқәа раб изныжьны сцан, иԥшны итәоуп" ҳәа.

Ахара иныҟәо амашьына аԥсҟы зку Владимир Краснодарнтәи фурала дааиит. Сааҭыбжак аҟара ара дахьынӡагылаз иҟоу шыҟоу еиликааит.

Аԥсны ААР - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿагылара акциазы: аполитикатә шантаж иеиԥшуп

Оҭар Аршба џьаргьы дцом, аха абас ыҟоуп ҳәа анырҳәа аҭыԥ ахь днеиит иҟоу илала ибарц. Иара иазгәеиҭеит атәыла анапхгара ажәлар ирзыӡыҩрлар шакәу.

"Ҳара ахьыԥшымра ҳаун, аизыӡырыҩрра ҳаҟәыҵит. Аиҳабыра ажәлар ирҳәо раҳауазароуп" ҳәа иҳәеит иара. Иагьациҵеит "акциа садгылоит" ҳәа.

Алхас Барцыц, Адлернтә Жәандрыԥшьҟа даауан.

"Атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу здыруеит. Издыруеит ауаа рҭахрақәа аиҳабыра хырыҩ шарҭо. Саргьы абра сыжәлар срылагылазарц сыӡбеит" - иҳәоит иара.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусбарҭа аусзуҩ Вадим Смыр ара игылоу иколлегацәа рахь дааиит. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит акциа алахәылацәеи амашьынақәа рҟынтәи ауааи изныкымкәа ишеиҿанагалахьо аха ацәгьара аҟынӡа ишкылрымгац.

Амилициа аусзуҩ иҳәеит ахәыҷқәеи, зцәа зтәым аҳәсеи, атуристцәеи зҭо амашьынақәа ԥымкрада ишоурыжьуа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0