Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра: ашколқәа русура еиԥҟьам

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола в селе Калдахуара в Гудаутском районе Абхазии
Школа в селе Калдахуара в Гудаутском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы. Апарламент аҿы уи азы адепутатцәа рыбжьы анырымҭи иҿҳәарадоу акциа хацдыркит.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ареспубликаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иахьмырԥшыкәа ашколқәа зегьы аштаттә режим ала аус руеит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы

"Иахьа ареспубликаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иахьмырԥшыкәа ашколқәа зегьы аштаттә режим ала аус руеит. Ҳаԥхьаҟа иҟало шыҟало аабап. Ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы рҽазыҟарҵоит", - лҳәеит лара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла иҟоуп ашкол ахь имнеиз аҵаҩцәагьы, аха урҭ рхыԥхьаӡара маҷуп.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0