Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы

© Фото : Пресс-служба президента Рауль Ҳаџьымба
Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы Аԥсны Апарламент ахыбра аҿаԥхьа еизеит аоппозициаа рхаҭарнакцәа атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара ҭагалан ахь инахарц.

АҞӘА, лаҵара 21– Sputnik. Рауль Ҳаџьымба, лаҵара 21 рзы Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы.

Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи амш: аоппозициаа иҿҳәарадатәу акциа иацырҵоит

"Арҭ амшқәа рзы зегьы ижәбарҭахеит аоппозициаа, адепутат Аслан Бжьаниа игәамбзиаратә ҭагылазаашьеи уи атәыла ахада иалхрақәа дрылахәхо дрылахәымхо азҵаареи ҿыӡгас иҟаҵаны аҭагылазаашьа шҵыршәаауаз, аха убри аан урҭ ирыҵыҵит рхықәкы хада – аҳәынҭқарра ахада заанаҵы ԥхьатәара ишьҭра шакәыз", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит адепутати уи ицхырааҩцәеи ргәабзиаратә ҭагылазаашьа иадҳәало апроблемақәа атәыла анапхгара уаанӡагьы азхьаԥшра шарҭоз. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи урыстәылатәи урҭ рколлегацәеи иҟоу ахҭыс иныҭкааны аҭҵаара иаҿуп ҳәа.

"Ишыжәдыруа еиԥш аоппозициаа рхықәкқәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҿаԥхьа иҿҳәарадоу амитинг хацдыркит, ихацдыркит азиншьаҭа змам акциақәа: ареспубликатә мҩаду хада тамшьи Бзыԥи ақыҭақәа рҿы амҩа аанкылан, иаанкылан қәымчра ҳасабла Аҟәатәи атроллеибустә парки автобустә парки русура. Абарҭ зегьы мҩаԥысуеит акурорттә сезон аламҭалаз", - атәыла ахада.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла аҭагылазаашьа аибарххара атәыла ауааԥсыра ззыԥшу аԥсшьаҩцәа арахь раара иацәнаршәар алшоит.

Ахада иҳәеит алхрақәа ианраамҭоу, аконституциа иҳәаақәнаҵаз арыцхә инақәыршәаны рымҩаԥгара аҵакы аманы ишыҟоу. Аха, иҳәеит иара, аоппозициаа ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа амца аҵарҵоит.

"Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иаабоит, аоппозициаа иҟоу адемократиатә шьаҭа аҭара рыҽшазыршәогьы, атәылаҿ амчра анапахьы аагара шакәу хықәкны ирымоу", - азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аҳҭнықалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара ԥкуп - Sputnik Аҧсны
Аҳҭнықалақь аҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара ԥкуп

Аԥсны азинмчратә органқәа иалшо зегьы ҟарҵоит атәылаҿ аҭынчра аиҭашьақәыргыларазы.

"Шәызегь шәышҟа ааԥхьара ҟасҵоит иаашәырԥшырц аҟәыӷара, ачҳара. Агәра згоит ҳауаажәлар рҭынчра, рзинқәа рыхьчара, ареспубликаҿы аҭышәынтәалара шалшо", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0