Аԥсны апрокуратура хада Аслан Бжьаниа иԥеи иԥшәмаԥҳәыси рҿахәы рҿырхраны иҟоуп

© SputnikАԥсны апрокуратура
Аԥсны апрокуратура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар ҩымшуп атәыла аоппозициатә мчқәа Апарламент аҿаԥхьа еизаны акциа мҩаԥыргоижьҭеи.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны апрокуратура хада Аслан Бжьаниа иԥеи иԥшәмаԥҳәыси рҿахәы рҿырхраны иҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ауаажәларра рнырразы апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

Иара иажәақәа рыла аусҭҵааҩцәа Аслан Бжьаниа иԥеи иԥшәмаԥҳәыси рҿахәы рҿырхраны иҟоуп. Апрокуратура ахаҭарнакцәа ирыгәҭакуп ахәышәтәырҭа аҭаарагьы.

Президент Абхазии Рауль Хджимба  - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Бжьаниа иус атәыла ахадара алаҟьашьуп ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп

Даур Амҷба ишиҳәаз ала еиҳа инарҭбаау аинформациа ҟалоит аусҭҵааҩцәа Аԥсныҟа ианыхынҳәлак ашьҭахь.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0