Акомандақәа ԥшьба ConIFA ачемпионат ахь инеиуам

CC0 / / Ашьапылампыл адәы
Ашьапылампыл адәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFА аверсиала Европа ачемпионат сынтәа имҩаԥысраны иҟоуп Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт.

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ницца, Сардиниа, ДЖәР, ЛЖәР еизгоу ркомандақәа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ConIFА аверсиала Европа ачемпионат изалахәхом. ConIFА аверсиала Европа ачемпионат сынтәа имҩаԥысраны иҟоуп Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт. Абри атәы аанацҳауеит ашьапылампыл азы Аԥсны афедерациа апресс-маҵзура.

Акомандақәа ԥшьба рыҟамзаара инадҳәаланы уаанӡа еиҿкааз агәыԥқәа ԥшьба ҩ-гәыԥкны еихыршеит.

Агәыԥ А иаҵанакуеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ Б: Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

Атурнир аадыртуеит рашәара 1 азы. Афинал мҩаԥгахоит Степанакерт, рашәара 9 рзы.

ConIFA — рашәара 7 2013 шықәса рзы иаԥҵаз шьапылампылтә еиҿкаароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0