Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент лаҵара 28 рзы иаднакылеит аӡбра атәыла ахада иалхрақәа нанҳәа 25 рахь ииагазарц.

АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аконституциатә закәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" аԥсахрақәа ралагаларазы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Апарламент  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент алхрақәа рыҿҳәара анахаразы аӡбра аднакылеит

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" аԥсахрақәа алагалазааит ахәҭаҷ 6 ахәҭа 1 аҿы", - аҳәоит адокумент атекст аҿы.

Аԥсны азакәан хада инақәыршәаны атәыла ахада хәышықәса ҳәа ҿҳәарас иҭаны далырхуеит. Азинмчра аусура иалагоит ахада аҭоубашьҭаҵара инаркны.

Рауль Ҳаџьымба имаҵзура дахагылеит 2014 шықәса цәыббра 25 рзы. Изинмчра хыркәшахоит 2019 шықәса цәыббра 25 рзы.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы аоппозициаа рықәгылара ашьҭахь ажәалагала ҟаиҵаны Апарламент ахь инеишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект.

Ҳаџьымба Апарламент ирыдигалеит Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы

Иахьа, лаҵара 28 рзы Аԥсны Апарламент иаднакылеит аӡбра атәыла ахада иалхрақәа нанҳәа 25 рахь ииагазарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0