"Ахәыҷра аныҳәа" аҟны еизгахо аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа рыцхыраара иазырхахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ахәыҷра аныҳәа"
Ахәыҷра аныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷра аныҳәа" аҟны еизгахо аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа рыцхыраара иазырхахоит.

АҞӘА, лаҵара 30– Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит афонд агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷра аныҳәа" аҟны еизгахо аԥарақәа ахәыҷ чымазцәа: Леон Қриеи Амир Ҳалуашьи рыцхыраарахь ишышьҭхо.

Ахәыҷқәа рыцхырааразы еизыргахьеит 50 000 мааҭ аԥара. Еиҭах еизгатәуп 200 000 мааҭ.

"Иаарласны умаҵ ахьыруа аресторан "Абургер" аҿы имҩаԥгахоит "Ахәыҷра аныҳәа". Еизгахо аԥарақәа зегьы ахәыҷ чымазцәа рыхәышәтәра иазынаҳархоит. Ҵыԥх имҩаԥаагаз арҭ акциақәа қәҿиарала ианымҩаԥыс, иҳаӡбеит есышықәса имҩаԥаагаларц. Абри амш аҽны аресторан аҿы акартошлых рҭилоит еицырдыруа артистцәа, ашәаҳәаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Абри амш аҽны дарбанызаалак акартошлых аазхәаз ахәыҷқәа рзы еизырго ахь илагала алаҵахоит, избанзар ирҳау аԥара аҟнытә 50% афонд иахыԥхьаӡалахоит", - еиҭалҳәоит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит ареспублика ауааԥсыра активла арҭ акциақәа рҽышрыладырхәуа.

Акциа мҩаԥгахоит рашәара 1 азы фаст-фуд аресторан "А-бургер" аҿы. Ауснагӡатә аадыртуеит "Сухум-маркет" иҟоу аресторан аҿы асааҭ 12:00 рзы. Уи адагьы асааҭ 12:30 - 14:30 рзы ахәыҷқәа зырлахҿыхуа ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.

Иара убасгьы изҭаху рзы еиҿкаахоит алотареиа.

Асааҭ 16:00 - 19:00 рзы акциа иацҵахоит "Брехаловка" ааигәара иҟоу аресторан аҿы. Асааҭ 16:30 - 17:30 рзы ахәыҷқәа рзы анимациатә программа еиҿкаахоит, иқәгылоит ансамбль "Каданс".

"Сынтәа раԥхьаӡа акәны еиҿкаахоит анаплыхқәа рыҭирҭа иармарка, ицәыргақәҵахоит асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа", - еиҭалҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Афонд "Ашана" апартниорцәа ҩынтәуп абри акциа Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы Аҟәа имҩаԥыргоижьҭеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0