Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа ахәмарра рҽаздырхиоит

© Foto / Brad MerrettЧемпионат мира по футболу ConIFA
Чемпионат мира по футболу ConIFA - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи ркомандақәа реицыхәмарра ахәаԥшыҩцәа идырбахоит ишиашоу ицо аефир ала иахьа, Sputnik Аԥсны асаит аҿы асааҭ 17:00 рзы.

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыԥ "А" ахыркәшаратә хәмарраҿы еиԥылоит Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи рыхәмарыҩцәа. Ҳкоманда аиааироуп иагәҭаку ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәоит аԥсуа команда ахьчаҩ Георги Дгьебуаӡе.

Аԥснытәи ашьапылампылтә команда Сапми акоманда иаиааиит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит

Георги Дгьебуаӡе иоуп Сапми (Лапландиа) акоманда ацыхәмарраан ампыл амба аҭаршәра зылшаз.

"Агәра згоит астадион аҿы унацәа узрыламҵо ауаа шырацәахо. Ахәмаррақәа зегьы ус имҩаԥысуеит. Аԥшәмацәа хымԥада аиааира ргароуп агәыԥ алҵразы. Ҳара ҳакәзаргьы аиааироуп иҳагәҭаку", - иҳәоит иара.

Георги Дгьебуаӡе Сапми амба иҭаиршәыз ампыл далацәажәо иҳәеит:

"Ампыл анҭасыршәуазтәи сцәаныррақәа ртәы ҳәа акгьы сызшәаҳәом. Акызаҵәык исҳәо – уи ампыл хымԥада иаҳҭахын", - иҳәоит ашьапылампыласыҩ.

Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа ишааицҳауала ҳмилаҭтә командаз иахьа иаабац мшык еиԥш имҩаԥысуеит рашәара ԥшьба. Шьыжьхьа ашьҭахь азыҟаҵаҩ Беслан Аџьынџьал ахәмарыҩцәа неиааирц инеиԥхьеит апарк ахь.

"Ҳсассааирҭа иацәыхарам апарк ԥшӡахь ҳнеиит. Иаанеиааины ахәмарыҩцәа рыбаҩ дырҵәит. Асассааирҭахь ԥсшьара ҳәа ҳхынҳәит аамҭақәак рышьҭахь", - иҳәоит иара.

Манаргиа иажәақәа рыла ҳкоманда ахәмаррақәа рышьҭахь аҽеилаҳәарҭа ҭыԥ еилдыргоит. Астадион администрациа уи уамашәа ианырба, иаҳҳәеит "ари асасдкылара ҟәанда аҭак ауп" ҳәа.

Иара убасгьы иҳәеит акоманда аволантиорцәа ишымҩаԥырго.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ иҳәеит Ашьха Ҟарабахҟа ишнеиз аԥснытәи адгылаҩцәа. Урҭ рыдгылара акраҵанакуан Сапми ацыхәмарраан.

"Дареи ҳареи шамахамзар ҳаицуп, аамҭа еицахҳаагоит", - иҳәоит иара.

Аԥсны акоманда Чамериа ианаиааиз ашьҭахь - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоманда Чамериа иаиааит ConIFA-2019 ала Европа Ачемпионат актәи ахәмарраҿы

Адгылаҩцәа агәра ганы иҟоуп атурнир аҿы аԥснытәи акоманда қәҿиарала иқәгылап ҳәа.

Агәыԥ "А" иалахәу Аԥснытәи акоманда Европа ачемпионат ConIFA-2019 аҿы ачемпионат аԥшәмацәа Ашьха Ҟарабах акоманда ирыцыхәмарраны иҟоуп Мартуни ақалақь аҿы иахьа, рашәара 4 рзы.

Агәыԥ аҿы актәи аҭыԥ ныркыларц азы еиҭахарыла ахәмаррагьы рызхоит аԥснытәи акоманда ахәмарыҩцәа. Ашьха Ҟарабах ахәмарыҩцәа ракәзар, актәи аҭыԥ роурц азы хымԥада иааиааироуп.

Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA аҟны рашәара 3 имҩаԥысит аҩбатәи ахәмарратә мшы. Абри аҽны Аԥсны акоманда атурнир аҿы аҩбатәи аиааира агеит.

Аԥсны акоманда Сапми (Лапландиа) акоманда ианацыхәмаруаз х-кәаталак аманы иҟан (Аԥсны - Чамериа 3:1 – аред.). Аԥснытәи акоманда аԥыжәара аиуан плеи-офф астадиахь изнеир, иара убри аамҭазы ицоз ахәмарраҿы (Ашьха Ҟарабах- Чамериа) аҿы х-очкок змаз Ашьха Ҟарабах акоманда аиааир.

Аха, Чамериа 3:1 ҳәа ииааиит. Аԥснытәи акомандагь 1:0 ҳәа ииааиит. Ҩ-хәмаррак рышьҭахь ҳкоманда аочкоқәа фба амоуп. Ашьха Ҟарабахи Чамериеи хԥа-хԥа кәатала рымоуп, Сапми макьаназ кәаталакгьы амам.

Агәыԥ "В" аҿы ихәмаруаз Паданиа 2:1 ҳәа Аахыҵ Уаԥстәыла иаиааиит. Мраҭашәаратәи Ермантәыла 5:0 ҳәа Сикеитәи атәылаҿацә иаиааиит.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рассоциациа ConIFA, шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA иалам 40 команда.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0