Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аԥсадгьыл ахь: Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иаауеит

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхәыҷқәа
Ахәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба адырра ҟаиҵеит иаарласны ҳџьынџьуаа хəыҷқəа Аԥсныҟа ԥсшьара ҳəа ишаауа.

АҞӘА, рашәара 12 - Сырма Ашәԥҳа, Sputnik. Ҭырқəтəылеи Аԥсынтəылеи инхо аԥсуаа реибабара, реигəныҩра аус хымԥада адацқəа рхылымҿиаар алшом. Еиҳаракгьы ари аус анхацырку ахəыҷқəа рыла, аҿар рыла. Знык зыԥсадгьыл иаҭааз, араҟа аӡы агьама збаз, атəым дгьыл аҿы ҭынч дзынхом, иҭоурых ашьҭа ашҟа дхьанамырԥшырц залшом. Мышқəак раԥхьа Ҭырқəтəыла дыҟан Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар. Уаҟа имҩаԥысит ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцəа злахəыз аилатəарақəа, иззааҭгылаз азҵаарақəа рацəан, урҭ иреиуоуп ахəыҷкəа Аԥсныҟа ԥсшьара раашьҭра иазку аусмҩаԥгатə аиҿкаара. Абри атəы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Ҳаџьымба: аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рыда ԥсыхәа ҳамам>>

"Аԥсны Аҳəынҭқарра еиҿнакаауа ахəыҷқəа ирызку аныҟəарақəа, Ҭырқəтəылантəи урҭ уахь рнагара иазку аиҿкааратə зҵаарақəа аус рыдаҳулеит. Ҩынҩажəаҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа хəыҷқəа рыԥсадгьыл рбаразы, рыԥсы ршьаразы инаҳашьҭырц ҳҭахуп Аԥсныҟа. Иааиуа ԥхынгəымза аки жəабеи инарылагӡаны Аԥсны иаҭаашт аҳəаанырцə инхо ҳашьцəа. Ари кыраахыс хықəкыс иҳамаз акакəын", - ҳəа азгəеиҭоит Аҭанур Аҟəысба.

Аԥсуа Федерациа аиҳабы излазгəеиҭо ала, ахəыҷы дшыхəыҷу иибаз-иаҳаз, иоуз агəыбылра анаҩстəи иԥсҭазаара ианымԥшырц залшом.

"Уи хашҭра ақəны иҟалом ҳəа агəаанагара ҳамоуп, насгьы аԥхьаҟа рҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ирымоу ахдырра еизнарҳап, иацхраап ҳəа ҳгəыӷуеит. Уи ҳаԥхьа ишьҭоу аусқəа ирылаҳкааратəы иҟоуп", - иҳəеит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Аҭанур Аҟәысба - Sputnik Аҧсны
Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп

Ииашаҵəҟьаны, шықəсқəак раԥхьа Аԥсныҟа ԥсшьара ҳəа иааз ҳџьынџьуаа хəыҷқəа рахьтə иҟоуп, ианеизҳа ашьҭахь, зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара ҳəа ихынҳəқəаз, араҟа аҭаацəара аԥызҵақəаз. Хаҭала сара саҿахəҳəагоуп, 2004 шықəса рзы Ҭырқəтəылантəи Аԥсны зыԥсы зшьоз ахəыҷқəа ргəыԥ иалаз Мерҭ Аҩӡба ихымҩаԥгара. Аԥсуа телехəаԥшреи арадиои рзы сиҿцәажәон, иара рацəак аԥсышəала дышзымцəажəозгьы, еилыскааратəы исеиҳəеит, иџьыба иҭоу аҭырқəа паспорт ааҭыганы ишԥижəо. "Избан?" - ҳəа саниазҵаа, аҭакс ус иҳəеит: "Апаспорт сымамкəа аԥсуа-аурыс аҳəаа сахрыжьӡом, Аԥсны саанхоит!" - ҳəа. Абасала, ахəыҷқəа араҟа ирбаз-ираҳаз акыр ихнахит, изықəшəаз рашьцəа, рыжəлантəқəа убриаҟара ргəыбылра рыдлеит, еиҳагьы иацнаҵеит рыԥсадгьыл ахь ирымоу азхьаԥшра, урҭ усҟан ирҵаз аԥсшəа иахьа рхы иадырхəоит, иазгəыдуны ирҳəоит.

Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба дыззааҭгылаз ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара иазку азҵаарақəа шəыдаагалоит анаҩстəи ҳанҵамҭаҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0