Рауль Ҳаџьымба Аԥсны амедицина аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранеишьеит

© Foto / presidentofabkhaziaПрезидент Рауль Хаджимба
Президент Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амедицина аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит рашәарамза 16 аҽны.

АҞӘА, рашәара 16 — Sputnik. "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз амедицинатә усзуҩы", "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Рауль Ҳаџьымба. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит.

"Агәабзиарахьчара аусхк аҿы рылшамҭақәеи акыршықәсатәи ламысцқьала русуреи рзы "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп: Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым-кардиологцәа Белла Аиба, Саида Кьыршьмариа, Маргарита Смыр, Алина Ҳагба. Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым - терапевтцәа: Нелли Џьынџьиа, Сергеи Зубариан. Белла Ҭарба- Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аультрабжьтәы диагностика аҳақьым, Инна Қьецба - аҳақьым-ахаҧыцҟаҵаҩ, Ареспубликатә ҳәынҭқарратә стоматологиатә поликлиника атерапевтә ҟәша аиҳабы".

Иара убас, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра Атранспорттә усбарҭеи, аргылареи аиқәыршәареи реиҳабы Роланд Гамсаниа "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз амедицинатә усзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0