Ажьиԥҳа Гагра араион ииасыз аҵарашықәс азы: қәҿиарала иаҳхаҳгеит

© Foto / Саида ЖибаМадина Ажьиԥҳа
Мадина Ажьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ашколқәа рҟны аԥышәарақәа рыҭиреи, аушьҭымҭацәа рылҵшәақәеи, актәи акласси ахәыҷбаҳчақәеи рҿы адкылара шымҩаԥысуеи ртәы дазааҭгылеит араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион аҿы иҟоуп 18 школ, урҭ рахьтә акы - Маҳадыртәи аерман школ - ихарҭәаам ауп. Сынтәа ажәбатәи акласс аушьҭымҭацәа 396-ҩык ыҟоуп. Ихарҭәаау азеиԥш ҵарадырратә школ иалгеит 256-ҩык аҿар.

Иахьа аушьҭымҭацәа қәҿиарала аԥышәақәа рыҭира иаҿуп. Аԥшьбатәи инаркны аабатәи аҟынӡа, ажәабатәигьы налаҵаны ҿырҳәала ахатәы бызшәа арҭеит. Аԥсны аҭоурых ихымԥадатәиу ԥышәароуп ажәабатәи акласс азы, убас жәаҳәарада аушьҭымҭацәа рзы.

"Сынтәа Гагра араион аушьҭымҭацәа ахатәы бызшәазы раԥхьатәи аԥышәараҿы ирыдгалан Дырмит Гәлиеи Фазиль Искандери рҩымҭақәа. Иааџьаҳшьаратәы аиҭаҳәа бзиаӡаны ирҩит. Ҩаԥхьа агәра ҳгеит арҭ ашәҟәыҩҩцәа гәыла-ԥсыла хәыҷи дуи ишырзааигәоу", – лҳәеит Ажьиԥҳа.

Аушьҭымҭатә классқәа зынӡа хәба-хәба ԥышәара рымоуп, ахатәы бызшәа аҩратә, анаҩс ҿырҳәалатә, Аԥсны аҭоурых, алгебра. Ахәбатәи аԥышәара - аурыси аерман школқәеи рҿы аԥсшәа рҭиуеит, аԥсуа школқәа - хатәгәаԥхарала иалырхуа.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы еиҭалҳәеит аушьҭымҭацәа аӡәырҩы Аԥсныи Урыстәылеи иреиҳау аҵараиурҭақәа ишырҭалахьоу. Убас инаҵылшьит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет зҿлымҳара шарҭаз.

"Ҳаушьҭымҭатә классқәа злахәыз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет имҩаԥнагоз олимпиада даара ицхыраагӡахеит азанааҭ алхраҿы. Аҿар аӡәырҩы, алаҳәара аныҟала, рхы аладырхәарц рыӡбеит. Иҟоуп олимпиада аԥҟарақәа инрықәыршәаны аиааира згаз, ԥышәарада, хәыда-ԥсада ауниверситет иаднакылаз", - ҳәа азгәалҭеит Мадина Ажьиԥҳа.

Аҵара аҟәша аиҳабы ас еиԥш иҟоу олимпиадақәа есышықәса имҩаԥыслар, аԥсуа хәыҷқәа аҳәаанхыҵ ихьаԥшуа маҷхоит, еиҳа рыԥсадгьыл иадҳәалазаауеит ҳәа агәаанагара лымоуп.

Мшаԥы 28 инаркны Гагра араион ашколқәа рҿы ирыдыркыло иалагеит актәи акласс ахь иааираны иҟоу рҭаацәара рҿынтә арзаҳалқәа. Иахьазы 400-ҩык ирыҩхьеит. Аԥсуа школқәа рахь 126 арзаҳал алаҵоуп.

Ланда Багаҭелиаԥҳа аурок аҿы - Sputnik Аҧсны
Ланда Багаҭелиаԥҳа: аерманцәа хәыҷқәа аԥсышәала ицәажәо иҟасҵар сҭахуп

"Хымԥада, аԥсуа ҭаацәарақәа ирабжьаҳгоит рхәыҷқәа ҳмилаҭ школқәа иаврымгарц, аха ҳарҿагыланы аурыс школ шәҭаҳҵаӡом ҳәа араҳәара азин ҳамаӡам, амала аҵакыратә ԥкра ыҟоуп. Иаҳҳәап, Лӡаа инхо аԥсуа ҭаацәарақәа аҭыԥантәи школ ахь ахәыҷы днамгакәа, Пицундатәи аурыс школ рҭаххар, убасҟан мап рцәаҳкыр ауеит", - лҳәеит Ажьиԥҳа.

2019 шықәсазы Гагратәи ахәыҷбаҳчақәа фба рҟынтә иоужьуп 239-ҩык, убас ирыдыркылахьеит 238-ҩык.

"Хымԥада ахәыҷқәа зегьы ахәыҷбаҳчақәа ирҭазароуп. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ахыбрақәа рхыԥхьаӡара ҳазхом, убри иахҟьаны аҭаацәара агәынамӡарақәа аадырԥшуеит. Раԥхьа иргыланы, арзаҳалқәа ҳанрыхәаԥшуа, азинҷыда иақәшәо рхәыҷкәа ҭалароуп, уахь иаҵанакуеит аибашьра аветеранцәа, аҵарадырреи агәабзиарахьчареи русхкқәа рҟны аус зуа анацәа рыхшара, акыр шықәса арҭ ахырхарҭақәа ирзааԥсахьоу андуцәа рмоҭацәа, аҭаацәара рацәа иатәу ахәыҷқәа, аҵыхәтәаны абиуџьеттә усбарҭақәа ирзааԥсо абацәа рхәыҷқәа. Аха убарҭ рҿы ҳанааилак, аҭыԥқәа зынӡа имаҷхоит аҟнытә, зегьы аднакылаӡом", - ҳәа наҵылшьит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы.

Алан Макоев - Sputnik Аҧсны
Алан Макоев: аҿар адәы иацәаҳахьчоит

Ажьиԥҳа иазгәалҭеит, Гагратәи ахәыҷбаҳча "Мрамза" заҵәык аҟны макьана ахәыҷқәа шрыдрымкылац. Уаҟа аремонттә усурақәа мҩаԥысраны иҟоуп азы, адкылара нанҳәамзахь ииагоуп.

2018-2019-тәи аҵарашықәс алкаақәа ҟаҵо, Мадина Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ҳраион ахьӡ изныкымкәа ишҭыргахьоу, дара рзеиԥш џьабаала еиуеиԥшым амаҭәартә олимпиадақәеи, аконкурсқәеи, аспорттә еицлабрақәеи рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәеи аҳамҭа ҷыдақәеи ишрыԥсахахьоу. Араион агәадурақәа лымкаала рыхьӡ ҳәахоит, рааԥсарагьы ахә шьахоит ҳазҭоу амза анҵәамҭазы Гагра иазгәарҭараны иҟоу аушьҭымҭацәа рзеиԥш хәылԥазы аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0