Ҵәыџьба: ӡынгьы-ԥхынгьы асасцәа рыдкылара ҳазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннади Ҵәыџьба
Геннади Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ӡынгьы-ԥхынгьы акурорттә қалақь Гагра аԥсшьаҩцәа аднакылартә ишыҟоу атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Акурорт Гагра ахьӡ ззымдыруада?! Аамҭала арахь ԥсшьара иаауаз разҟны ирԥхьаӡон аҳауа цқьа албаадареи, амшын ҟәанда аҭалареи, амра хаа аҵаҟа аҽырԥхареи рзы алшара ахьроуаз.

Аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа еиҳа бзиа ирбо акурортқәа Аԥсны раԥхьагылоуп

Иахьа маҷк аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Атуристцәа агәыҩбара рызцәырҵуеит иахьцаша ианазхәыцуа. Џьоукы раԥхьа идыргылоит рҭахрақәа ирықәшәо, ибзианы амаҵ ахьыруо асасааирҭақәа, егьырҭ рзы ихадароуп аԥсабара. Убри аҩбатәи алызхуа роуп еиҳараӡак Аԥсныҟа иаауа.

Егьа умҳәан, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭа ду ннажьит. Акурорт атәы ҳҳәозар, атуристцәа акыр шықәса ҳтәыла ршьапы рзықәмыргыло иацәнаршәеит. Аха, уеизгьы, игәаӷьны иаҳҭаауаз аӡәык-ҩыџьак, аҭагылазаашьа анҭырҵаалак, ҩаԥхьа ихынҳәуан, рыуацәа, рҩызцәа рыманы. Убас, ԥшьаала, акурорт аҿиарамҩа ианылеит.

Хықәкыла, Гагра ақалақь атәы уҳәозар, есышықәса, ааԥынра аламҭалазы, араион Ахадареи аҭыԥантәи анхацәеи еицхырааны имҩаԥыргоит аҽазыҟаҵаратә усурақәа, раԥхьа иргыланы азеиԥш раионтә сабшақәа. Идрыцқьоит амшын аԥшаҳәа, ирыԥссоит амҩақәа, еилырхуеит аҵлақәа, иқәыргоит ажәырҭ, еиҭарҳауеит ашәҭқәа.

Анаҩс, араион анапхгара амчала нап аркхоит егьырҭ аиҿкааратә, аргыларатә усурақәа.

Гарцкьиа: сынтәа ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа раара ҳазыԥшуп, рыдкылара ҳҽазыҟаҳҵароуп>>

"Аԥшәма бзиа есымша асас имҩахыҵра дазыхиоуп. Аԥхын адагьы, егьи абжьара иаҳзаауа рацәаҩуп. Убри аҟнытә, иахьынӡаҳалшо, мҽхакы ҭбаала акәымзаргьы, акы ҳнахаахоит. Ажәакала, иҟаҵоу маҷым. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Александр Ҵышәбеи Гагра араионтә Еизара адепутатцәа Реваз Бениеи Адамыр Багаҭелиеи рыбзоурала, зҭагылазаашьа уашәшәырыз аҩнеихагылақәа рыбжьара иҟоу амҩақәа акаҭран ықәырҭәоуп. Араион Ахадара аԥшьгарала нап аркуп амшын аԥшаҳәаҿы хәнызқьи бжаки метранӡа ахаҳә ақәҵара. Абри аус аҿгьы рхарџь алоуп араҟа ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи, акаҳуажәырҭақәеи уҳәа змоу аԥшәмацәа. Аԥсшьарҭа ҩны "Енергетик" аҟнытә "Аиааира ашҭа" аҟынӡа ацәхыԥқәа чаԥоуп, ирыҭоуп амаакырақәа. Ҳазҭоу амза нҵәаанӡа ақалақь аҿы алашарбагақәа ҳаԥсахуеит", - иҳәеит Геннади Ҵәыџьба.

Ҵәыџьба иазгәеиҭеит "Аиааира ашҭа" аҵыхәан аргылара шцо 11 шьаҟа змоу агәашьаркыра (колоннада). Уи даҽа культуратә ҭынханы иҟалоит. Иазԥхьагәаҭоуп х-километрак амҩатә дыргақәа рышәрагьы.

Храм в Мокве - Sputnik Аҧсны
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

Ақалақь анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи алархәны аԥхынра лассы-лассы араион Ахадараҟны аизарақәа мҩаԥысуеит. Досу акурорттә аамҭа ишахәҭоу еиԥш имҩасырц азы анапынҵақәа ирҭоит.

Аԥсшьарҭа ҩнқәеи асасааирҭақәеи рыԥшәмацәа ирабжьаргоит рҿаԥхьа амшын аԥшаҳәа ацқьара иацклаԥшырц, иахәҭоу зегь рыла еибырҭарц.

Амуниципалтә унитартә наплакы "Курорт Гагра", афинанстә уадаҩрақәа шамоугьы, уалла амшын аҟәараҿы иагу аҳаргьқәеи, ақәиарҭақәеи, аҽеиҭакырҭақәеи, аҽыкәабарҭақәеи шьақәнаргылеит.

Араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит, Гагратәи ацентртә араионтә хәышәтәырҭа агәабзиарахьчара аминистрра хәшәла ишеиқәнаршәаз.

Урыстәылатәи ателеканал Аԥсны иазку афильмқәа фба ҭнахраны иҟоуп>>

"Ҵыԥх, Гагра араион зыԥсы зшьаз рхыԥхьаӡара азгәаҭаны, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәа аарышьҭит. Убас аус руоит ацхыраара ласы амашьынақәа хәба: хԥа - Гагра, ҩба - Пицунда. Араион аҿы иаартуп афельдшертә-ахәыҷышьҭыхратә пунктқәа 11", - инаҵишьит Ҵәыџьба.

Аҭыԥантәи анхацәеи асасцәеи ршәарҭадара аԥҵаразы ирылшо зегь ҟарҵоит азинхьчаратә усбарҭақәа.

Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ракәзар, араион аҿы атранспорт ахыԥхьаӡара иацлоит аҟнытә, даара аџьабаа рбоит. Аекскурсиатә автобусқәа раанҿасырҭатә ҭыԥқәа еснагь рылаԥш рхуп.

Атуристтә фирмақәа қьаадла иахьынӡеиқәшәоу, насгьы иахьаақәшәо атранспорти, ашьаҟауааи иахьырԥырхагоу рӡыргаратә ҭыӡқәа дмыргыларц азы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит.

Форд Чичба - Sputnik Аҧсны
Знык Аԥсны збаз еиҭа даҭаар сҭахуп: аекскурсиамҩаԥгаҩ Форд Чычба иҭоурых

Араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит иаарласны ироураны ишыҟоу ақалақь аҩнуҵҟа аус зуша автобусқәа ҩба, убас агәамсамеизгарҭатәи амҩаӡәӡәагатәи машьынақәа.

Афымцеи аӡи ртәы уҳәозар, хымԥада, аиԥҟьарақәа ыҟоуп, аха излауа ала аамҭа кьаҿ иалагӡаны аԥхасҭақәа дырҽеиуеит.

"Исымҳәарц залшом, иахьа ҳтәылауаа амаҵ рзызуа рахьтә иаарылукааратәы ишыҟоу "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа. Ӡынгьы-ԥхынгьы, уахи-ҽни аспециалистцәа аус руеит. Гагра араион аҿы мацара ишьақәыргылоу афымцеихшарҭақәеи, атрансформаторқәеи, ашьаҟақәеи, иԥсаху ацәаҳәақәеи маҷӡам", - еиҭеиҳәоит Геннади Ҵәыџьба.

Аинвестпрограмма инақәыршәаны аӡымҩангагатә система аԥсахразы ицоз аусурақәа макьана аҵыхәанӡа ихыркәшаӡам, аха уеизгьы, Гагратәи аӡыканал аусзуҩцәа ирылшогьы, зны-зынла ирылымшогьы рылагӡаны рыжәлар ирзааԥсоит.

Аиаша ҳҳәозар, гханы иҳамоуп асасцәа ишақәнагоу еиԥш рымаҵ аура ҳахьақәымшәо. Зегьы еиԥшым, аха имаҷҩым аԥсшьаҩы акаҳуажәырҭаҿы, адәқьан аҿы, акурорттә обиектқәа рҿы рыблақәа ҵархәны, ирықәымчны ирацәажәо, аԥсуа ишиаҭәам еиԥш зхы мҩаԥызго. Абри аҭагылазаашьа ауп изхылҿиаауа аԥхынразы еиуеиԥшым акурорттә обиектқәа рыԥшәмацәа атәым милаҭқәа иреиуоу аусзуҩцәа ааԥхьара ахьрырҭогьы.

Ҵәыџьԥҳа: Словакиантәи аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара азҵаара аӡбара азгәаҭоуп>>

Хымԥада, асасцәа рыԥсшьара амшынҭалареи аекскурсиақәеи рыла мацара ишьақәгылаӡам. Гагра араион аԥсшьарҭа ҩнқәеи ақалақь Акультура ахани рҿи ирзеиҿкаауп аконцерттә программақәа, зегь бзиа еицырбо Ӡаҳ (Нептун) изку аныҳәагьы налаҵаны.

"Амчыбжь амшқәа зегь ҭәуп еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыла. Гагра ақалақь Акультура аҩнаҟны мацара мчыбжьык хынтә аҭыԥантәи аҟазаратә коллективқәа асасцәа рҿаԥхьа ҳкультура ӡырыргоит. Ҳмилаҭтә ашәақәеи акәашарақәеи ихырххьоу маҷӡам", - ҳәа азгәеиҭоит Ҵәыџьба.

Руслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба Приморсктәи аӡырԥхақәа рзы: аҵыхәтәантәи ҩышықәса аҭааҩцәа иаҳа имаҷуп

Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ еиҭеиҳәеит ргәы ишҭоу аԥхынра иалагӡаны иреиӷьу аҩыҟаҵаҩцәа алархәны мҽхакы ҭбаала "Аҩы аныҳәа" аиҿкаара.

Иахьа 58 курорттә обиектқәа рышәқәа аартуп асасцәа рыдкыларазы. Убас, ахатәы ҩнқәа рыԥшәмацәагьы ирзаауа иалагеит раԥхьатәи атуристцәа.

Гагра араионтә биуџьет злашьақәгылоу аԥхынтәи аамҭазы илҵуа ашәахтәқәеи аизгақәеи рылоуп. Араион аныҟәгара, иагу-иабзоу аҟаҵара, ауаа ауалафахәы рызшәара, абарҭқәа зегьы аилагӡара уадаҩуп. Убри аҟнытә, аӡынра ашьҭахь афинанстә уадаҩрақәа цәырҵуеит, аиҳарак абиуџьетуаа ауалафахәы рызшәараҿы.

Геннади Ҵәыџьба иазгәеиҭеит ашәахтәқәеи, аизгақәеи ишахәҭоу еиԥш зегьы иршәозҭгьы, ари апроблема зегь акоуп хырԥашьа аиуан ҳәа.

Гагра ақалақьуаа разгәаҭарақәа рыла, аҵыхәтәантәи 2-3 шықәса атуристцәа рхыԥхьаӡара маҷхеит. "Ҟрымтәи ацҳа анаадырт, уахь еихеит" рҳәоит. Аха, ус егьа иҟазаргьы, дарбанзаалак исасцәа дырзыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0