Аԥхын азҵаара: иҟалома ҳамшын аҿы аҽыкәабара?

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын аҟны аԥсшьаҩцәа
Амшын аҟны аԥсшьаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа ацрыҵрыцқьаратә хархәагақәа русура ахьеиԥҟьаз инамаданы амшын аҟны аҽыкәабара шәарҭоу ишәарҭаму атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҟны.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Сынтәа, лаҵарамзазы Алада Ешыра ақыҭан игылоу ацрыҵрыцқьаратә хархәагаҿы аҭгага ԥхасҭахеит. Уи иахҟьаны аамҭа-аамҭала аканализациатә црыҵқәа амшын иалалон.

"Иахьынӡаздыруа ала, аҭгага ҿыци ашьақәыргылагатә хәҭақәеи рыхә шәоуп. Уажәы зҵаарас иҟоу урҭ арахь ианырзааго ауп. Ишааҳаулак, ақәыргылара ҳалагоит", - лҳәеит Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

Амшынӡы анализ есымчыбжьа имҩаԥыргоит. Иара аҭагылазаашьа иахәҭоу анормақәа ирықәшәоит ҳәа лҳәоит лара.

Ацхыраара ласы амашьына - Sputnik Аҧсны
Акурорттә сезон аан гагратәи ацхыраара ласы абригадақәа ирыцҵахоит

Аҳақьым хада лажәақәа рыла, амшын еиҳа ицқьоуп Алашарбага араион иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы.

"Егьырҭ аҭыԥқәа рҿы амшын ацқьара астандартқәа ианрықәымшәогьы, ари араион аҿы шамахамзар ицқьоуп", - лҳәоит лара.

Белиаева излалҳәо ала, ацрыҵцарҭа амшын аҟәара 150 метра инацәхыкуп. Амшынӡы 25 градус иеиҳамхацт азы, амшын аҽарыцқьоит. Есышықәса ауадаҩрақәа ыҟоуп ԥхынгәымза инаркны, аӡы зынӡа ианҟәандахалак лҳәоит Алла Белиаева.

Убри аан аҳақьым иазгәалҭеит амшынӡы ианакәызаалак иужәыр шыҟамло, амшын ашьҭахь ӡы цқьала уҽукәабар шаҭаху. Лара излалҳәо ала аҿкычымазаратә хәышәтәырҭа макьаназ аҭааҩцәа рацәаҩым.

Акурорттә сезони аԥсуареи>>

Гагра араион асанитартә ҳақьым хада Геннади Ажәанба иҳәоит аамҭа-аамҭала амшынӡы ахаҭабзиара шгәарҭо, макьаназ уи иахәҭоу анормақәа ишрықәшәо.

Кабмин. - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа Реилазаараҿы акурорттә сезон иалацәажәеит

Очамчыра араион асанитартә ҳақьым хада Џьон Чагәаа ишиҳәо ала, аканализациатә црыҵқәа амшын иаԥырхагам.

"Агәаҭарақәа имҩаԥааго иаҳдырбоит зегь шақәнагоу ишыҟоу. Амшын аҟны аҽыкәабара уацәшәартә иҟам", - иҳәоит иара.

Гәдоуҭа араион асанитар-епидемиологиатә маҵзура аиҳабы Инга Ҷанԥҳа лакәзаргьы, иазгәалҭоит араион аҿы амшынӡы иадҳәалоу ашәарҭара шыҟам. Лара убри аан илҳәоит ақалақь аҿы аканализациатә црыҵқәа рҭагылазаашьа акыр ишыбааԥсу. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ара арыцқьагатә хархәагақәа ԥхасҭаханы иҟоуп, урҭ аиҭашьақәыргылара рҭахуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0