Самсон Ҷанба: аԥсуа драмеи апрофессионалтә театри рышьаҭаркҩы

© Sputnik, Илона ХварцкияСамсон Ҷанба
Самсон Ҷанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба имшира аҳаҭыр азы ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашəԥҳа ианылҵаз Аԥсуа драматә театр арежиссиор Алхас Шамба иҿцәажәара.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Рашәара 18, 1886 шықәсазы диит аԥсуа шəҟəыҩҩы, адраматург, ауаажəларратəи аҳəынҭқарратəи усзуҩы Самсон Ҷанба. 1920 шықәсазы иара иаԥиҵеит аԥсуа литератураҟны ираԥхьатәихаз адраматә ҩымҭа - апиеса "Амҳаџьыр", иара убас инапы иҵыҵит акымкәа-ҩбамкәа егьырҭ апиесақәа, аповестқəа, апрозақəа, апоемақəа, ановеллақəа уҳəа.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Агрба адраматург Самсон Ҷанба изкны: иҩымҭақәа аԥсуа хьтәы фонд иаҵанакуеит

Самсон Ҷанба илша рацəоуп 1929 шықəса рзы раԥхьаӡа акəны иаԥҵаз аԥсуа профессионалтə театр аиҿкаараҟны. 1937 шықәсазы, арепрессиа аамҭақəа рзы, ахара идҵаны дшьын.

Самсон Ҷанба ихьӡ ахуп Аԥснытəи аҳəынҭқарратə драматə театр, ақалақьқəеи анхарҭатə ҭыԥқəеи рҟны амҩадуқəа. Иара убас, 2009 шықəса рзы "Зыхьӡ нагоу ауаа" асериала Аԥсны Амилаҭтə банк иҭнажьит Самсон Ҷанба изку 10 ԥсарк ицо агәаларшәагатә араӡынтə монета. Атеатр ашҭаҟны игылоу ибаҟа атәы уҳәозар, сынтәа, рашәара 16 рзы уи дыргылеижьҭеи 60 шықәса ҵит. Самсон Иаков-иԥа иаԥҵамҭақəа рҟны иаарылукаартə иҟоуп ҳажəлар ирхыргаз амҳаџьырра зныԥшуа атема. 

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытəи аҳəынҭқарратə драматə театр арежиссиор Алхас Шамба адраматург ду имшира аҽны иаҳзеиҭеиҳəеит апиеса "Амҳаџьыр" ақəыргылара аидеиа шизцəырҵыз атəы.

"Самсон Ҷанба ииубилеитə мшы аназгәарҭоз ашықəс азы (2016 - аред.) атеатр аҿы иаҳҭаххеит иара иҩымҭа иалху ҳрепертуар аҿы ак ыҟазарц. Ахəыцра салагеит, иарбан пиесоу иалысхра ҳəа, "Амҳаџьыргьы" сазхəыцуан, аха ишықəсыргылара сыздыруамызт. Избан акəзар аспектакль анықəургыло актуалра аҵазароуп", - ҳəа ҳаиҿцəажəара хациркит арежиссиор Алхас Шамба.

Аҭоурых аҟны иаҳдыруеит амҳаџьырра закəыз, ҳажəлар ирзаанагаз атрагедиа. Егьа аамҭа царгьы, уи ахҭыс Аԥсны аҭоурых аҿы, ҳажəлар ргəаҵаҿы ихамшҭыхəны иаанхоит. 

Аԥсуа театр 87- тәи асезон аанартит>>

"Ус гəалашəарак аҳасабалагьы исҭахымызт, аҵыхəтəаны ҳазааит атекст ԥсахны акəзаргьы, иҵегьы аҩымҭақəа алагаланы "Амҳаџьыр" амотивқəа рыла, иахьа ахьыԥшымра шҳамоугьы, ҳхатə ҳəынҭқарра шҳамоугьы, ҳхатə ҳəынҭқарраҿы ҳшыҟоу ҳаӡыр шалшо. Убри аидеиа акəын иамаз аспектакль", - ҳəа азгəеиҭоит арежиссиор.

© Sputnik / Томас ТхайцукСамсон Ҷанба идрама "Амҳаџьыр"
Самсон Ҷанба: аԥсуа драмеи апрофессионалтә театри рышьаҭаркҩы - Sputnik Аҧсны
Самсон Ҷанба идрама "Амҳаџьыр"

Актиор, хымԥада, аус адиулоит идҵоу ароль баҩхатəрала анагӡаразы, илшо ҟаиҵоит, иҟоуп ианиқəҿио, иҟоуп ианиқəымҿиогьы. Алхас Шамба излаиҳəо ала, "Амҳаџьыр" ахəаԥшцəа ибзианы ирыдыркылеит ҳəа агəаанагара имоуп.

"Аспектакль еизакны уахəаԥшуазаргьы, иара актиорцəа рыхəмарра уахəаԥшуазаргьы, ҳəара аҭахума, иҟоуп иҳагхаз, иҟоуп иҳақəҿиазгьы. Аха ари инымҵəо процессуп, убри аҟынтə аус зуаз актиорцəа зегьы гəыкала рус ҟарҵеит, гəыкала ирҭахын амҳаџьырра атема ахəаԥшҩы иҟынӡа инеирц. Ахəаԥшцəа, сара сгəанала, ицəгьамкəа ирыдыркылазшəа збоит, рхыԥхьаӡарагы рацəан. Аҭоурых ҳазхьаԥшуазар, иазгәаҭатәуп "Амҳаџьыр" апиеса ала шакәу раԥхьа атеатр анаадыртуаз излаадыртыз. Нас, жəашықəса рышьҭахь, даҽазнык иқəыргылан, нас даҽа ҩынтə, анаҩс ҳара иқəҳаргылеит", - иҳəеит Алхас Шамба.

Аспектакль "Амҳаџьыр" аҟны арольқəа нарыгӡон актиорцәа аиҳабыратə абиԥара инаркны аиҵбыратəи аҟынӡа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСамсон Ҷанба идрама "Амҳаџьыр"
Самсон Ҷанба: аԥсуа драмеи апрофессионалтә театри рышьаҭаркҩы - Sputnik Аҧсны
Самсон Ҷанба идрама "Амҳаџьыр"

"Аспектакль аиҿартəышьа атəы уҳəозар, ҳара хықəкыс иҳаман адекорациа аганахьала даара имаҷын амаҭəарқəа рхархəара, еиҳа аспектакль аҵакы ашҟа иҳархар ҳҭахын актиорцəа рыла, еиҳа инарҵауланы ахəаԥшцəа рҟынӡа инеирц азы. Асценаҿы ӷəыла еихарсоу "плот" уҳəар ҟалоит урысшəала, зны иӷбахон, зны еизара ҭыԥхон, зны ишьхахон", - ихəыцрақəа ҳацеиҩишон арежиссиор.

Видео - Sputnik Аҧсны
Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иациҵоит артист, арежиссиор Алхас Шамба

Ақəыргыламҭа анҵəамҭа акəзар, абас еиԥш иҟоуп:

"Ихыркəшахеит амҳаџьырқəа Ҭырқəтəылаҟа ишцо ала, уи анаҩс афырхаҵа хада Баҭал ҳəа дыҟоуп, убри имонолог ала. Иара Аԥсны иаанхаз дреиуоуп, абри дызхаанхаз аҵакы еиликаар иҭахуп, ахəаԥшцəагьы убри апроцесс рбоит. Амонолог аҿы аспектакль аидеиа ааҳарԥшырц убас хықəкыс иҳаман", - ҳəа азгəеиҭоит Алхас Шамба.

Арежиссиор Алхас Шамба излазгəеиҭаз ала, актиорцəагьы иаргьы еснагь иазыхиоуп аспектакль ахəаԥшцəа дырбара. Иара аусура даналагоз ахԥатəи аспектакль иқəиргылазгьы Самсон Ҷанба иҩымҭа амотивқəа рыла иҟаҵан, "Зхы аԥша ҭоу" ҳəа хьӡыс иаман.

Ҳәара аҭахума, Самсон Ҷанба инапы иҵыҵыз аҩымҭақәа, урҭ рҟны дыззааҭгылоз атемақәа аԥсуа жәлар рзы еснагь актуалра рыҵоуп, урҭ ҳҭоурыхи ҳԥеиԥши еиҿыбаауа ирныԥшуеит. 1936-37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа рзы дзыхдырҟьаз иуаажәларратә, ирҵаҩратә усура ҳаԥхьатәи абиԥарақәа аԥсадгьыл ахь агәыбылра, ахымшаҭара, аԥхьахәыцра, гәыкала аус азнеира ирсимволны ирымазаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0