Аԥшӡара азырхынҳәра: Цандрыԥшьтәи авокзал аиҿкаара нап аркуп

© Foto / Музаффар ОстановЦандрыԥшьтәи авокзал
Цандрыԥшьтәи авокзал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшьтәи авокзал аҿаԥшылара аиҿкааразы аусурақәа нап дыркуп.

АҞӘА, рашәара 23 - Саида Жьиԥҳа, Sputnik. Арҭ амшқәа рзы Цандрыԥшьтәи авокзал аҿаԥшылара аиҿкааразы нап зыркхаз аусурақәа ртәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Цандрыԥшь аҳабала ахадара аиҳабы Бадра Ԥлиа.

Гагра агәашьаркыра аргылара - Sputnik Аҧсны
Аԥсыршьага ҭыԥ: Гагра агәашьаркыра ҿыц аргылара иаҿуп

Цандрыԥшьтәи авокзал Аԥсны архитектуратә баҟақәа рахь иаҵанакуеит. Иҟоу адыррала, Сталинтәи ампир астиль ала иргылоуп. Ҩ-еихагылак змоу адәыӷбаанҿасырҭа ахархәарахь ианнеи, "Пиленково" ҳәа ахьӡын, анаҩс 1949 шықәсазы, ақырҭуа ассимилиациа аполитика амҩаԥгараан, иԥсахын аҳабла иахьӡхаз "Гантиади" ала. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь авокзали аҳаблеи аҭоурыхтә хьӡы Цандрыԥшь аздырхынҳәит.

Аамҭала аҳәынҭқарраҟнытә хылаԥшра ӷәӷәа змаз авокзал 27 шықәса раахыс игәыгәҭажьны иҟан. Аобиект хәҭа-хәҭала ахыбгалара иалагеит.

© Foto / Музаффар ОстановЦандрыԥшьтәи авокзал хыхьынтәи асахьа
Аԥшӡара азырхынҳәра: Цандрыԥшьтәи авокзал аиҿкаара нап аркуп - Sputnik Аҧсны
Цандрыԥшьтәи авокзал хыхьынтәи асахьа

Цандрыԥшь аҳабла ахадара аиҳабыс Бадра Ԥлиа данахагыла, раԥхьаӡа иргыланы иӡбатәу зҵаараны ишьҭихит авокзал аҭагылазаашьа уашәшәыра.

"Дәыӷбала Аԥсныҟа иаауа асасцәа, Цандрыԥшьтәи авокзал раԥхьатәи аанҿасырҭоуп рылаԥш иҵашәо. Насгьы, шәара ижәдыруеит араҟа илбаауа атуристцәагьы шмаҷымҩым. Авокзал аҿаԥшылара баны, аԥсшьарамшқәа згәахшәаны Гаграҟа, ма иааҳәны Адлерҟа ицахьоугьы ҟалахьеит. Убри инамаданы, ҳасасцәа ргәы мцарц азы, иара аилабаара иалагахьаз архитектуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа ҳвокзал излаҳалшо ала аҿаԥшылара аиҿкаара ҳҽазаҳшәеит", - иҳәоит Бадра Ԥлиа.

Ҩымш раԥхьа Аԥсны аихамҩатә усбарҭа аиҳабы Алхас Вартагааи, ихаҭыԥуаҩ Мирон Агрбеи, Цандрыԥшь аҳабла ахадара аиҳабы Бадра Плиеи еицхырааны рҽазыршәеит авокзал адәахьтәи аган ала аҭыӡқәа ррыцқьара. Икыдҷҷаз ашьыхрақәеи, ашәыгақәеи, ахәаԥеи амхны, шәыга шкәакәала ишәхоит. Иазԥхьагәаҭаны ирымоуп ахыб аԥсахреи, ашәқәеи, аԥенџьырқәеи рҿаҵара.

© Foto / Музаффар ОстановЦандрыԥшь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷым
Аԥшӡара азырхынҳәра: Цандрыԥшьтәи авокзал аиҿкаара нап аркуп - Sputnik Аҧсны
Цандрыԥшь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷым

"Макьаназы ҳхахьы иаҳго адәахьтәи аусурақәа роуп. Аҩнуҵҟатәиқәа рымҩаԥгара миллионла ахарџь агоит азы, ҳамч ақәхом", - ҳәа наҵеишьит аҳабла ахада.

Цандрыԥшьтәи авокзал адәахьтәи аҭеиҭԥш аиҿкааразы ицо аусурақәа ԥхынгәымза анҵәамҭазы рхыркәшара арбоуп. Ахыб ақәҵареи, ашәқәеи, аԥенџьырқәеи рҿаҵара акәзар, хәҭа-хәҭала имҩаԥыслоит.

Гагра Аԥсны еиҳа изҭаауа акурортқәа рреитинг аҿы иаԥхьагылоуп>>

Арҭ аиҿкааратә усурақәа аԥшьызгаз авокзал архитектуратә ҿаԥшылара ԥырхага аҭахом, еиқәдырхоит ҳәа азгәарҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0