Аԥсуа режиссиор лусумҭа британиатәи акинофестиваль апрограмма иалалоит

© Foto / Атана АгрбаАҭана Агрԥҳа
Аҭана Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа режиссиор Аҭана Агрԥҳа лфильм "Бача" онлаин прокат ала ахәаԥшра алшоит акинофестиваль асаит аҿы.

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Аԥсуа режиссиор Аҭана Агрԥҳа лфильм "Бача" британиатәи акинофестиваль The Lift-Off Sessions апрограмма иалалоит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭалҳәеит арежиссиор қәыԥш лхаҭа.

"Сара макьанагьы уи агәра сызгом. Акинофестиваль аҵак ду амоуп. Азыҳәа аплатформа FilmFreeway ала инаҳашьҭит. Аха The Lift-Off Sessions апрограмма иалашәап ҳәа сыҟамызт, избанзар Европа Аԥсны азхаанаҵом. Убри инадҳәаланы 48 фестиваль рахь ҳнеира аԥырҟәҟәаахахьеит", - ҳәа еиҭалҳәоит арежиссиор.

Аҭана Агрԥҳа лфильм "Бача" онлаин прокат ала ахәаԥшра алшоит акинофестиваль асаит аҿы (№ 81).

Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" аԥхьахә аиуит>>

Агрԥҳа лажәақәа рыла ари актәи араунд ауп. Аҩбатәи араунд аҿы иалкаахо афильмқәа анаҩстәи ахь инарышьҭуеит.

"Иахьынӡаздыруа ала, шьаҿак ԥхьаҟа ицо аҽа проектк анагӡараҿы адгылара рыҭахоит. Ҳгәыӷуеит иҳақәҿиап ҳәа", - лҳәоит лара.

Аблоҭиа: аԥсуа кинематограф иаҵагылаша аҿар ыҟоуп>>

"Бача" аԥсышәала иҭыхуп. Аԥсуа ҭаацәара қәыԥш рҭоурых атәы аҳәоит.

Ароль хадақәа ихәмаруеит Аԥсуа драматә театр актиорцәа: Милана Ломиаԥҳаи Бенар Ақаҩбеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0