Акриптавалиутақәа рмаининг азы азакәан рыдыркылоит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра ареспублика иахьаҵанакуа атәыла афымцаенергетикатә система ахархәарала акриптавалиутақәа рмаининг азын ааныркылеит 2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны акриптавалиутақәа рмаининг аусхк аҟны аусура аҭышәныртәалараз азакәан апроект аус адырулеит Аԥсны аекономика аминистрраҿы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Апроект иалацәажәаны Аминистрцәа Реилазаарахь инашьҭуп. Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит ареспублика иахьаҵанакуа  акриптавалиутақәа рмаининг аусура рзинтәи, рекономикатәи, ртехникатәи ԥҟаррақәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Сувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum. - Sputnik Аҧсны
Басариа акриптофермақәа рзы: афымцатә ҳақәа анырра ду рнаҭоит

Азакәан апроект аԥҟара хадақәа иреиуоуп афымцамч аусхк аҟны аҭагылазаашьа уадаҩ аҟазаараан акриптавалиутақәа рмаининг азы ареспубликатә енергосистема ахархәара аԥкра.

Аԥсны аиҳабыра ареспублика иахьаҵанакуа атәыла афымцаенергетикатә система ахархәарала акриптавалиутақәа рмаининг азын ааныркылеит  2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Асеиԥш аӡбра рыдкылан раԥхьа иргыланы атәыла ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара аԥыжәара ахьамоу азгәаҭаны.

2019 шықәса жәабран 22 рзы Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ирыдыркылеит ақәҵара "АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусуреи аенергосистема аусхк аҟны аҭагылазаашьеи рзы апарламенттә ҭҵаара».

Аԥсны ахада Апрокуратура хада анапы ианиҵеит ареспублика иахьаҵанакуа акриптовалиута амаининг мҩаԥызго аобиектқәа шьақәнаргыларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0