Ԥхынгәы акы инаркны абиуџьет иатәу аусуцәа рулафахәы иацлоит

CC0 / / Деньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар реизара адепутатцәа ареспубликатә биуџьет аиҭакрақәа аларгалеит рашәара 25 рзтәи аилатәараҿы.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар реизара адепутатцәа абиуџьет иатәу аусуцәа ркатегориақәак рулафахәы иацларц азы рыбжьы рҭиит. Аулафахәы иацлоит ԥхынгәы 1 2019 шықәса инаркны.

Ари апункт ареспубликатә биуџьет азы азакәан аԥсахрақәа ируакын ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Кама Гогия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогьиаԥҳа: ахныҟәгаратә маҷ аасҭа еиҵаны аулафахәы зауа еилкааӡам

"2015 шықәса рзы Аԥсныи Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны 2019 шықәса рзы иазгәаҭоуп абиуџьет аиҭакрақәа. Агәабзиарахьчара аусхк ахь инашьҭхоит 15 миллион мааҭ, акультура, аҟазара, АИХ русхк ахь 4,5 миллион мааҭ, абаҩырҵәыреи аспорти, аҿартә политикеи русхк – ҩ-миллион мааҭ, асоциалтә политика аусхк ахь - миллион мааҭ", - иҳәеит Нанба.

2019 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет иартәоит аа-миллиардки 111 миллион мааҭ ахашәалахә ала, аныхрақәа рыла – аа-миллиардки 932 миллион мааҭ.

"Ареспубликатә биуџьет ахашәала иацҵахоит 471 миллион мааҭ рыла. 360 миллион мааҭ – Урыстәыла афинанстә цхыраароуп", - иҳәоит Нанба.

Иара убри аан ирыцҵахоит ахатәы хашәалақәа 50,4 миллион мааҭ рыла. Уи алшеит абиологиатә ресурсқәа рҟны аԥсыӡкра аквота аҳаракрала.

Аԥсны ахада ирезервтә фондгьы аԥсахрақәа ирыҵаркит. Иара иахьазы иартәоит 443 миллион мааҭ. АГТРК аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, атәылахьчара аминистрра, АҶА, ГСО, аекономика аминистрра, ахада Иусбарҭа, аибашьра аветеранцәа рхеилак, аҩны-интернат уҳәа рныҟәгарахы ахада ирезервтә фонд ахыхрақәа аиуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0