Аџьар ҟаԥшь Аԥснытәи аԥсыжырҭа ҿыцқәа ҭырҵаауеит

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апресс-конференциа "Гуманитарная миссия Международного Комитета Красного Креста в Абхазии: начало работ по эксгумации" мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы рашәара 25 рзы.

АҞӘА, рашәара 25– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь амиссиа иагәҭакуп 40 рҟынӡа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз жызар ҟалоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу аҭыԥқәа рыҭҵаара 2019 шықәса рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь амиссиа ахада Максим Забалуев.

Аџьар Ҟаԥшь - Sputnik Аҧсны
Аџьар Ҟаԥшь хабарда ибжьаӡыз рзы аусура аихшьалақәа ҟанаҵеит

Агуманитартә миссиа ахаҭарнакцәа ажрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп Аҟәа, Гагра, Гәылрыԥшь, Очамчыра рраионқәа рҿы.

"Аҭыԥқәа рсиа Аԥсныи Қырҭтәылеи ақәшаҳаҭны ишьақәырӷәӷәоуп. Азҵаара агуманитартә формат амоуп. Аиԥыларақәа рҵакы дууп избанзар иалдыршоит аимак алахәылацәа рыбжьара аинформациа аимдара, аԥсыжырҭақәа рҭыԥқәа рышьақәырӷәӷәаразы. Иҳәатәуп ҳапрограмма хықәкны ишамоу хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рыуацәа-рҭынхацәа рызҵаарақәа рҭак аԥшаара. Ҳара милаҭеилых ҟаҳҵом. Зегь ҳаԥшаарц ҳҭахуп", - иҳәеит Забалуев.

Акомиссиа аусура иалахәуп антрополог (Чили), археолог (Аргентина), Кипр, Колумбиа, Франциа, Африка, Великобританиа рҟазауаа.

"Уи адагьы аусурақәа ирыдҳаԥхьалоит аҭыԥантәи аҿар – амедколлеџьи ААУ аҭоурыхтә факультети рыстудентцәа. Фҩыуаак аус ҳацыруеит фышықәса рыҩныҵҟа. Сынтәа аҽа хҩык ҳадаҳкылеит. Ҳусура иалахәуп АҶА аусзуҩцәа. Зынӡа 20 -ҩык", - иҳәоит амиссиа ахада.

Забалуев иажәақәа рыла аԥшаарақәа ирылагахьеит Аҟәа иахьаҵанакуа. Еизго аматериал антропологиатә ҭҵаарақәа рлабораториахь ииагахоит.

2010 шықәса раахыс Аџьар ҟаԥшь амиссиа ахаҭарнакцәа рыцхыраарала 430 ԥсыбаҩ ԥшаауп. 163 ԥсыбаҩ зтәу рхаҭара шьақәыргылоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0