Дзиудо азы атурнир "Аԥсны Ахраҿа" Афон Ҿыц имҩаԥгахоит

© Фото : virastaikaДзюдо
Дзюдо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XI дзиудо азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны Ахраҿа" иалахәхоит Аԥсны, Урыстәыла, Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рыспортсменцәа.

АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XI дзиудо азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны Ахраҿа" мҩаԥысуеит рашәара 26 - 29 рзы, иара иалахәхоит иалахәхоит Аԥсны, Урыстәыла, Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рыспортсменцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит дзиудо азы Аԥсны Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Андреи Погосов.

Раԥхьаӡа акәны аиндаҭларақәа мҩаԥгахоит Афон Ҿыц.

"Афонтәи ашкол аҿы аспорттә зал ҿыцуп. Ҳҭахрақәа ирықәшәо еиҿкаауп. Убри азы аҳәара ҟаҳҵеит уа ауснагӡатә амҩаԥгара алыршахарц. Ацхыраара ҳнаҭеит Афон ҿыцтәи аберҭыԥ. Урҭ акоманда алахәылацәа рынхарҭақәа ҳзалырхит, татами ҳзаархәеит", - еиҭеиҳәоит иара.

Атурнир аатуеит рашәара 26 асааҭ 14:00 рзы.

"Иазыԥхьагәаҭан Белоруссиа, Ҟарабах ркомандақәа ралахәхара аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны изымааит. Ҟарабахаа Қырҭтәыла ала иаауан, аҳәаа иахырмыжьит. Иара убасгьы Ҟазахсҭан акоманда аараны иҟан, аха макьаназ рхабар ыҟам", - еиҭеиҳәоит Андреи Погосов.

XI дзиудо азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны Ахраҿа" мҩаԥысуеит рашәара 26 - 29 рзы, иара иалахәхоит иалахәхоит 2003-2004, 2005-2007, 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз Аԥсны, Урыстәыла, Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рыспортсменцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0