Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Ари арыцхә иазкны рашәарамза 27-28 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

"Ацынгыла", "ашьҭынгыла", "акьарда", "ажәабжьтә ҳәоу" - аиҵбыратәи аклассқәа раахыс аграмматикаҿы иҳацу арҭ атерминқәа раӷьырак, хыԥхьаӡарала ҩышә инареиҳаны авторс ирымоу аҵарауаҩ Шьаҟрыл Константин Семион-иԥа иоуп. Иара иоуп 1939 шықәсазы раԥхьаӡакәны "Аԥсуа бызшәа аграмматика" ҭзыжьызгьы.

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл

Константин Шьаҟрыл диит Гәдоуҭа ауачасток (усҟантәи ахьӡ- аред.) Лыхны ақыҭан, лаҵара 20, 1899 шықәсазы. 1917 шықәсазы Лыхны ҩ-классктәи ашкол далганы, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа. Аха ахԥатәи акурс аҟны даннеи ихатә усқәа ирхырҟьаны иҵара нижьыр акәхеит. 1921 шықәса раахыс иалагеит иара ирҵаҩратә усура. Анаҩс, 1936 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга, Аԥсуаҭҵааратә институтахь ҭҵаарадырратә усзуҩыс дрыдыркылеит.

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл аҵарауаа рыгәҭа
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл аҵарауаа рыгәҭа

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Леонид Хыгә-иԥа Саманба иазгәеиҭеит Константин Шьаҟрыл арҿиара даналагаз аамҭазы ҭҵаарадыррала, литературала кырӡа аиҵахарақәа шыҟаз. Иара иажәақәа рыла арҵаҩы дызхыԥшылаша аграмматикатә терминологиа, алитература ахрестоматиа уҳәа, ихымԥадатәиу ашәҟәқәа рыҟамзаара иахҟьаны усҟантәи арккаҩцәа рабиԥара кырӡа хаԥсыра рбар акәхеит аус руразы.

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл

"Арҵага шәҟәқәа еиқәдыршәарц иалагаргьы, ԥсышәала ахрестоматиа ҭрыжьыртә уеизгьы алшара ыҟамызт аҟнытә аурысшәахьтә еиҭаганы иркьыԥхьуан. Ҳара ҳхәыҷқәа алитература агәыбылра зладҳаркуазеи, аҩымҭақәа ухәнацәак рыла иуԥхьаӡозар ҳәа иҩуан Константин Семион-иԥа иавтобиографиаҿы, убри аҟара игәы ԥнажәон иҟаз аҵарадара. Иара аԥсуа школқәа раартраҿгьы иџьабаа рацәаӡоуп. Ақырҭқәа имҩаԥыргоз аԥсуа бызшәа аҵшәааратә политика аҿагылаҩцәа дахьыруаӡәкызгьы даараӡа дкыдырҟьеит. Аха иара иус дацәхьамҵӡеит, уи моу кыр шықәса инеиԥынкыланы аԥсуа школқәа рҟны рҵаҩыс аусгьы иуит", - иҳәеит Леонид Саманба.

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл

Иара убас иара иазгәеиҭеит Константин Семион-иԥа илагала шырацәоу афонетика, аморфологиа, асинтаксис, алексикологиа уҳәа аграмматика ахырхарҭақәа рыҭҵааара аусаҿгьы. Аха зегьы инархаданы иахәаԥшлатәуп ҳәа иԥхьаӡоит аԥсуа-адыга бызшәақәа ретимологиа аиҿырԥшра аус аҿы Константин Шьаҟрыл илиршаз. Насгьы Леонид Хыгә-иԥа иазгәеиҭеит аҵарауаҩ изанааҭ аҳәаақәа мацара иҽырҭамыгӡакәа егьырҭ ахырхарҭақәа рылагьы аҭҵаарадырратә усура инапы шалакыз. Иаҳҳәап, аԥсабараҵара ашәҟәы аурысшәа ахьтә иара иоуп аиҭага авторс иамоу.

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа излалҳәо ала Константин Семион-иԥа лхәыҷрашықәсқәа раахысгьы дылгәалашәоит, избан акәзар иареи, Гьаргь Ӡиӡариеи, Шьалуа Инал-иԥеи еицны лассы-лассы аԥсуа қыҭақәа ирҭаауан. Урҭ уажәы-уажәы иахьымҩахыҵуаз аҭаацәарақәа иреиуазаарын Лили Риза-иԥҳа лабду иҭаацәарагьы.

Аҟәа иаартын афотоцәыргақәҵа Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаартын афотоцәыргақәҵа "Шьаҟрылаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны"

"Убри аахысгьы Константин Семион-иԥа сабду ицәа ихыскаауан есқьынгьы. Аспирантура салганы санаа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура саналага аамҭазы иара абызшәа аҟәша деиҳабын. Ахаан исхашҭуам сусураҿы еиҳабыс исымо дзусҭаз сабду ианиасҳәа шаҟа даргәырӷьаз. Исгәалашәоит Константин Семион-иԥа иусурҭатә уада заҟа имаҷыз, аха ҳаззегьы ҳаиркуан, убри аҟара ауаа рахь гәыблыра ҷыдак иҵан. Насгьы, агәыбылра адагьы даара дыгәрагаҩын. Уи сара излеилыскааз уи ауп, зынӡа сышқәыԥшӡаз еицырдыруаз ҵарауаҩ дуук иусумҭа арецензиа ҟаҵатәыс исиҭеит. Сара иаразнак мап скырц салагеит, исымуит, аха иара схы агәрагара сылаҵара илшеит. Иаарласны иагьынасыгӡеит инапынҵа", - илгәалалыршәоит аҵарауаҩ.

Лили Риза-иԥҳа лажәақәа рыла Константин Семион-иԥа аҵара зирҵоз, аус ицызуаз зегьы ргәалашәараҿы дынхеит даԥсуа хаҵаны, еснагь ауаҩы ицхраара иазхиаз, иагьацәымаашьоз уаҩны.

Аԥхьатәи Жәларбжьаратәи Шьаҟрылтә ԥхьарақәа аатит Аҟәа

Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл ианашьоуп аорден "Аҳаҭыр адырга", Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ҩ-томкны иҭыжьыз аԥсуа бызшәа еиҭагоу ажәар авторцәа дахьреиуаз азы ианашьан Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 15, 1992 шықәсазы. Аҵарауаҩ иусумҭақәа такәаамҭаӡа анырра рыманы аԥсуа ҭҵаарадырра иазынхоит.

© Foto / архив семьи ШакрылАԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл аҵарауаа рыгәҭа
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл аҵарауаа рыгәҭа
Ажәабжьқәа зегьы
0