Sputnik апресс-центр аҿы Аԥсуа ҭӡы аҭҵаара иазку апресс-конференциа мҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik Владимир БегуновАԥсуа ҭӡы
Аԥсуа ҭӡы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 28 асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп апресс-конференциа апроект "Аԥсуа ҭӡы аҭҵаара" иазкны.

Апроекта алацәажәара иалахәуп:

Археолог, аҭоурыхдырыҩ, кавказҭҵааҩ, аҭоурых наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла, апроект анапхгаҩы Олег Бӷажәба.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ, В.Г. Арӡынбба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩ Дмитри Счастныи.

АбИГИ анаукатә усзуҩ еиҵбы, Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аусзуҩ Шандор Ҟаитан.

АбИГИ анаукатә усзуҩ еиҵбы Дмитри Аҩӡба.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0