2019 шықәса рзы иргылахо аобиектқәа рыӡбахә рҳәеит Аминистрцәа реилазаараҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа Реилазаара
Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы иргылахо аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа ҟарҵеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы.

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны рыбжьы рҭиит "Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 2019 шықәсазы иргылахо, аремонт ззухо, еиҭашьақәыргылахо аобиектқәа реиқәыԥхьаӡазы" 2018 шықәсазтәи Ақәҵара аԥсахрақәа алагалазарц.

"Ааигәа Апарламент аҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа алагалазарц азы азакәан апроект. Уи инақәыршәаны 59 миллион мааҭ иеиҳахароуп аргылара-ремонттә русурақәа ирзоушьҭхо аԥара. 2019 шықәсазы абри аус иазырхахоит иааизакны 259 миллион мааҭ", - иҳәеит Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Ақәҵара ҿыц ишьақәнаргылоит иалкаау аобиектқәа реиқәыԥхьаӡеи урҭ рзы иазыԥхьагәаҭоу аԥареи.

Аԥсны абиуџьет аныхратә зеиԥшхәҭа иартәоит 8 миллиардки 932 миллион мааҭ>>

"Аиқәыԥхьаӡаҿы иарбоуп еиҳа аҵакы зманы иҟоу аобиектқәа", - иҳәоит аминистр.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа аилатәараҟны рыбжьы рҭиит "Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 2019 шықәсазы иргылахо, аремонт ззухо, иеиҭашьақәыргылахо аобиектқәа реиқәыԥхьаӡазы" 2018 шықәсазтәи Ақәҵара аԥсахрақәа алагалазарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0