Царгəыш 40 шықәса раԥхьа Шьамтəылатәи агастрольқәа рзы: хашҭшьа рымам

© Sputnik / Томас ТхайцукУасил Царгəыш
Уасил Царгəыш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтəатәи аԥхынразы 40 шықəса ҵуеит Аԥсны Жəлар рартист Уасил Царгəыш напхгара зиҭо Аԥснытəи Аҳəынҭқарратə ашəаҳəаратə акəашаратə ансамбль Шьамтəылатəи Арабтə Респуликаҿы агастрольқəа мҩаԥнагеижьҭеи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥснытəи аҳəынҭқарратə ашəаҳəаратə акəашаратə ансамбль Шьамтəылатəи Арабтə Респулика иаҭааит 1979 шықəса рзы, аԥхынразы. Ансамбль артистцəа иаадырԥшыз аҟазара иабзоураны, ирзыԥҵəаз аамҭа даҽа мчыбжьыкгьы ацҵан, иара убас урҭ алшара рыман, есышықəса Босратəи амфитеатр аҿы имҩаԥысуаз Жəларбжьаратəи афестиваль аҽалархəра, ақəгылара.

Ансамбль Нарҭаа - Sputnik Аҧсны
Венгриа зыршанхаз "Нарҭаа", мамзаргьы "Ахьтәы Таташь" аҭоурых

Ижəытəӡатəиу аҭоурых ашəышықəсақəа ирҿахəҳəагоу Шьамтəылатəи Арабтə Республикаҿы иуԥымларц залшом аибашьратə хҭысқəеи аҳратəреи аазырԥшуа аҭоурыхтə баҟақəа. Аамҭаказы римлианаа ркультура Шьамтəыла акыр анырра анаҭеит. Ажəытə цивилизациа иаҟəырҷахахеит агәашьаркырақəа, ауахəамақəа, амфитеатрқəа. Шьамтəылатəи аҭоурых Византиатəи аҳратəра иахьыԥшымзар залшомызт, избанзар уи анапаҵаҟа иҟан. Уиа аамҭазы уаҟа иргылан ақьырсиантə ныхабаашқəа. Ампыҵахаларатə еибашьрақəа реиԥш, ари адгьыл аҿы ицон адинхаҵаратə еиҿагыларақəагьы. Аабатəи ашəышықəсазы арабқəа ирылдыршеит Шьамтəыла рнапахьы аагара.

Иџьаумшьарц залшом Дамаск 140 км инацəыхараны ақалақь Босра игылоу амфитеатр, иара акырынтə еиҭашьақəыргылан, баашк аҳасабалагьы ахархəара аман. 2000 ш. ҳара ҳеразы ақалақь Босра римлианаа идыргылаз амфитеатр ҭоурыхтə хҭыс ҭыԥны иҟалеит, акультурақəа еимаздо цҳахеит, амамлиукцəа иакəыршаны иҟарҵеит абаа. Есԥхынра уаҟа имҩаԥысуан адунеизегьтəи афестиваль.

Ансамбльқәа "Редадеи" "Рерашьеи" Сҭамԥыл ихырхыз рацәаҩхеит>>

Асцена аура 45 м ыҟоуп, аҭбаара аа-метрак. Амфитеатр адəахьала арабқəа рбааш асахьа амоуп, иӡрыжəу аихатə гəашəқəа, абжьаларҭақəа, ахыхьчаратə ргыларақəа уҳəа, зегьы аибашьратə ҟазшьақəа рныԥшуеит. Насыԥс исыман хаҭала ари амфитеатр аҭаара, абара...

Шьамтəылатəи Арабтə Республикахь рцареи, уаҟа имҩаԥгаз аиҧыларақəеи ртəы дырзааҭгылоит Аԥснытəи аҳəынҭқарратə ашəаҳəаратə акəашаратə ансамбль асахьаркыратə напхгаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатəи аҩаӡара занашьоу, Д. Гəлиа ипремиа алауреат, Аԥсны Жəлар рартист Уасил Царгəыш.

Сира Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҩӡԥҳа: ансамбльқәеи, ахаԥшьгаратә коллективқәеи рыҟны инеиуа аҿар реиҳарак ҳаушьҭымҭацәа роуп

"Шьамтəылаҟа раԥхьа ҳцара даара иџьоушьаратəы иҟан. Аҳаиртə баӷəазаҿы ҳаннеи, абаӷəаза аиҳабы милаҭла иҟабардаз убас еиԥш ажəахə ҟаиҵеит ансамбль анапхгаҩцəа раԥхьа ҳалбаарц, егьырҭ зегьы рҭыԥ аҿы иҟазарц. Ҳарҭ асасцəа ахьрыдыркылоз ауадахь ҳнаргеит, дара рҵасқəа рыла пату ҳақəырҵеит. Абаӷəаза азал ду аҿы ажəлар рацəан. Алықьса Аргəын, Аԥсны акультура аминистрс дыҟан убасҟан, аҟəша аҟынтə дҳацын Максим Барганџьиа. Аҳаирплан иҭатəаз егьырҭ апассаџьырцəа ирлас ианҭымҵ, аҭыӡшəа ҟалеит, ҳаргьы иаҳбарҭан, аха аиҳабы анаҩс аҭагылазаашьа ҭышəыниртəалеит", - ҳəа азгəеиҭоит Уасил Царгəыш.

Абаӷəаза аиҳабы аҳəара ҟаиҵеит, Аԥснытəи ансамбль раԥхьа иҭыҵырц, егьырҭ анаҩс ҳəа. Ансамбль ҭыҵны рҿанаарха, заа абаӷəазахь инеихьаз ҳдиаспора рхаҭарнакцəа рԥылеит, ирхианы иркыз алентақəа "Бзиала шəаабеит, ҳашьцəа" ҳəа рынҵаны.

Жәлар рыкәашаратәи рашәаҳәаратәи аҳәынҭқарратә ансамбль анаԥхгаҩы Уасил Царгәыш - Sputnik Аҧсны
Арадио
Уасил Царгәыш: раԥхьаӡа Ҭырқәтәыла ҳаҟан 1979 шықәса рзы

"Усҟан урыск дҳалан, хҩы-ԥшьҩы раҟара ақырҭқəагьы ыҟан, нас усҟан ус акəын ишыҟаз, егьырҭ зегьы аԥсацəан. Асааҭ хԥа рзы инеиз, асааҭ хəбанӡа ҳарзеилыргомызт. Аҳəынҭқар иганахьала иҳаԥхьаз ҳԥылеит, зегь рыла рҽеиқəыршəаны иҟан, рмашьынақəа егьи уҳəа. Аха "ауаа зегьы зланыҟəо амашьынақəа иҳазрықəыртəом ҳашьцəа" рҳəан, уа инхоз аишьцəа Маршьанаа ирымуит. Ҳаинрал Уалид Маршьан машьынала аԥхьа дгыланы, асигнал ҟаҵауа Дамаск аҳаиртə баӷəазаҟынтəи ақалақь агəҭахьы иҿынеихеит, ҳнаргаанӡа машьынакгьы мныҟəеит, аҳаҭыр ҳаҭаны, аполициа ҳара ҳакəын иоурышьҭуаз", - игəалашəарақəа дырзааҭгылон Уасил Царгəыш.

Иара излазгəеиҭо ала, Шьамтəыла инеит, аха аконцертқəа рыҽрыладырхəыртə еиԥш азныказы аҭагылазаашьа рмоуит, артистцəа рымаҭəақəа даҽа тəылакахь иахьагаз иахҟьаны. Зегь акоуп, анаҩс уи аҭагылазаашьа рҽеихеит.

Алексей Аргун - Sputnik Аҧсны
Қорсаиаԥҳа: Алықьса Аргәын аҟазара ду илан, ицəажəара агəыбылра ду ацын

"Аҳаирплан ҳанақəтəоз, нас аидара ахьақəырҵо хазуп, ҳамаҭəақəа зегьы ақəырҵар акəымзи, даҽа ҭыԥк ахь ирышьҭит. Ҳахьлеиз ҳконцерт аамҭа ааит, ҳконцерт аҿы ҳзықəгылом. Алықьса Хəыта-иԥа министрк иаҳасаб ала иахəҭаз аусбарҭақəа зегьы ршьапы иқəиргылеит, ҳреквезит Лондон ицазаап. Уантə иргьежьны ианаарышьҭуаз, Рим иааит, Римынтə Ирак иааит. Ирак ианааи, Ирак еиҳа иааигəоуп, аиҭанеиааира рыбжьоуп, иҳауртə иҟарҵеит", - иҳəеит Аԥсны Жəлар рартист.

Ансамбль алахəцəа рымаҭəақəа роуаанӡа ус баша итəамызт, шьамтəылатəи акультура рҽагəылархалон, уа инхоз ҳдиаспореи дареи злахəыз аиԥыларақəа мҩаԥысуан.

"Ԥшьымш-хəымш ус баша аамҭа ҳамгеит, Шьамтəылаа ргимн дсырҵеит ансамбль алахəцəа. Абри ҳəо ҳанаацəырҵлак, еиҭаҳаҳəон ҿыц иаҳҳəарц, ԥшьынтə-хəынтə ианаҳҳəоз ыҟан. Ҳконцертқəа хыркəшаны ҳаналга, ҳацҳаражəҳəарҭахь ицаны аҳəара ҟарҵеит даҽа мчыбжьык ҳааныркыларц. Ҳашьцəа шҳацыз иҳацын, иааихҵəаны ҩымчыбжьа ҳаҟан убра, уи хашҭшьа змам хҭысны иаанхоит сыԥсҭазаараҿы. Ҳауаажəлар уа инхоз есыуаха аконцерт ахь иаауан, даара ҳаҭыр ҳақəырҵеит", - ихəыцрақəа дырзааҭгылон Уасил Царгəыш.

Аԥснытəи ашəаҳəаратə акəашаратə ансамбль рҟазара уа инхоз ҳашьцəеи аҭыԥантəи атəылауааи реиҧш, асасцəагьы акыр ихнахит.

Уасил Царгәыш: Анатоли Ҳагба еиԥш ашәа зҳәоз дыҟаӡамызт>>

"Аԥсшьарақəа рацəаны иҳамаӡамызт, аха, мшык шааҭацəлак, аныҟəарақəа рахь ҳаргон. Амфитеатр ашҟа ҳаргеит, аӡбахə ҳаҳахьан, аха иҳаздыруамызт, иабаҳбахьаз. "Абжьы зеиԥшроу убап ара", - иҳəеит Алықьса Аргəын. Аҽазыҟаҵарақəа ҟаҵаны ҳаналга, ашəа ццакқəа ракəымкəа, "Ахəра ашəа" еиԥш иҭынчны иҟақəоу аацəыраҳгеит. Раԥхьа убри дсырҳəеит, шəара ишəҳəала сҳəо, сара снаскьо, дара ирҳəо, раԥхьа уангыло иуаҳауа абжьы уахьнеилакгьы иуаҳауан, убас иҟан акустика", - дцəажəон ансамбль асахьаркыратə напхгаҩы.

© Foto / Сырма АшубаБосратәи амфитеатр
Царгəыш 40 шықәса раԥхьа Шьамтəылатәи агастрольқәа рзы: хашҭшьа рымам - Sputnik Аҧсны
Босратәи амфитеатр

Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтəыз аусзуҩы Владимир Кəарҷиа иакəзар дазааҭгылоит, Шьамтəылаҟа ансамбль дацны даныҟаз амшқəа изынрыжьыз хашҭшьа зқəым ахтысқəа.

"Амфитеатр аҿы ашəа анырҳəоз саргьы ахор салагылан. Ашəаҳəабжьы заҳаз ажəлар агəақьҳəа аизара иалагеит. Избанзар уа аныҟəарақəа рацəаны имҩасуеит, хыԥхьаӡара рацəала асасцəа аҭаауеит, напеинҟьарыла иаҳԥылеит, иара убасҵəҟьагьы ҳнаскьаргеит. Уалид Маршьани сареи даара ҳаизааигəаны ҳаҟан. Саб уисмырбакəа ҟалом иҳəан, аҩныҟа сигеит. Иаб иакəзар, аҭауад замана, иԥшра-исахьа - зегь рыла улаҿы дмааир ҟаломызт. Саниба илаӷырӡқəа ааит, аԥсшəа еибаҳҳəеит, сгəыдикылеит-схыдикылеит. Аконцерт сагхон аҟынтə, лассы сдəықəлар акəхеит. Уалид симаны сшаауаз, аполициа дааныркылеит, анаҩс еинрал маҭəа анишəиҵа иахьабалак рнапы иҩаханы акəын ҳшоурышьҭуаз", - игəалаиршəоит Кəарҷиа.

Ансамбль артистцəа асценаҿы инарыгӡоз ақəгыларақəа знык ала инҵəомызт, ахəаԥшцəа рыҳəон еиҭаддырбырц. Акəашацəа роума, ашəаҳəацəа роума, ҩынтə-хынтə ианыкəашоз, ашəа анырҳəоз ыҟан.

Выступление государственного ансамбля народного танца Абхазской АССР в горной долине в 1984 году - Sputnik Аҧсны
Асценатә маҭәа зшәыхны, ар рымаҭәа зшәызҵыз акәашаҩ Рауф Дасаниа иҭоурых

"Хашҭра зқəым аамҭа ҳхаҳгеит. Мамдыхə Маршьан ус ҳаиҳəеит ҽнак: "Ҳаҩныҟа шəсызнагаӡом, Шьамтəыла Ахада иҩныҟа шəназгаанӡа", - ҳəа. Убас егьыҟалеит, ибжьаҳажьқəаз аконцертқəа хаҳарҭəаар акəымзи, урҭ наҳагӡеит. Уахык адырра ҳарҭеит атəыла Ахада ҳашисасцəахоз. Ансамбль иалаз еилаҳəан, еилацан, зегь рыла еиқəышəшəа иҟан. Аконцерт ашьҭахь, ахьчаҩцəа ҳацны ҳлеит, Ахада игəы рахəымызт, Франциа ҽыхəышəтəра дыҟан. Иашьа, арратə-ҳаиртə мчқəа рҿы еиҳабыс дыҟан, "Бзиала шəаабеит" ҳəа агəашə аҟны даҳԥылеит. Агəарԥ даара идуун, еицқəаз ҳҽааихшаны ҳнагылеит, ҳаицəажəеит. Анаҩс, "ашəа ҳҳəар ҟалома?" ҳҳəан, "агəырӷьара сгəара иҭыҩырц даара исҭахуп, гəахəала исыдыскылоит", - иҳəеит Ахада иашьа. Абас ҳхы ҳақəгəырӷьо ҳхынҳəит ҳаԥсадгьыл ахь", - ҳəа азгəеиҭоит Уасил Царгəыш.

Ирацəан угəы зырԥшаауаз ахҭысқəа, еиҳаракгьы атəым жəҩан иаҵанхо ҳашьцəа рхьаагарақəа, рыгəҭыхақəа, рылаӷырӡқəа...

"Алықьса Аргəын Мамдыхə ус иаиҳəеит: "Абра ҳааижьҭеи ԥсшьамҩак умаӡам, ухы иагыжь, уԥсы иагыжь, уусурахь умца уҳацуп", - ҳəа. Аныҳəаҿа скуеит ҳəа дшаҿыз иаҵəца нықəиргылан, аҵəыуара далагеит, схəысжьы гылоит иахьеиҭасҳəо, "Алықьса, сашьа, сара сыдунеихаан аԥсыуак дызбоит ҳəа сыҟаӡамызт, Аԥснынтə ансамбль шəыманы шəаауа, насгьы абра сыҩны шəааны шəтəаны, ҳаибабоит, ҳаицəажəоит ҳəа игəыӷуадаз", - иҳəеит, илаӷырӡ иҿаҳәҳәы. Усҟан иангьы иабгьы рыԥсы ҭан, "абарҭгьы ирбоит ҳəа сыҟамызт, шəааԥсазаргьы, иҳачҳап шаанӡа", - иҳəан, ҳаргьы ҳирҵəыуеит иаргьы дҵəыуеит", - игəалаиршəоит Царгəыш.

Абасала, Уасил Царгəыш напхгара зиҭо Аԥснытəи Аҳәынҭқарратә ашəаҳəаратə акəашаратə ансамбль Шьамтəылатəи Арабтə Республика аҭаара наӡаӡа аҭоурых иазынхоит. Босратəи амфитеатр акəзар, уажəазы иҭацəызаргьы, иҭəуп ҭоурыхла, ҭынч уааҭгылар иумаҳарц залшом ашəышықəсақəа иргəылсны иааиуа анапеинҟьабжьқəа, урҭ ирылыҩуеит аԥсуа иашəаҳəабжьгьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0