Гәдоуҭа ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит

© Sputnikархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә мҩаду аҟны, Гәдоуҭа араион ақыҭа Лыхны ахаҵәирҭаҿ, амҽыша, рашәара 30 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik, Бадри Есиава. Иҟоу адыррақәа рыла амҩатә машәыр иахҟьаны Гәдоуҭатәи ахәышәтырҭахь инаргеит жәаҩык ауааԥсыра. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба.

"Иааргаз рҟынтәи ҩыџьа уашәшәыроуп егьырҭ ибаргәу хьаа рымам", - иҳәеит Шамба.

Амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит.

Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә мҩаду аҟны, Гәдоуҭа араион ақыҭа Лыхны ахаҵәирҭаҿ, амҽыша, рашәара 30 асааҭ 21:00 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0