АКХ аҿы ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа даҽа ҩба ҭарҩит

© Sputnik Алхратә комиссиа хада
Алхратә комиссиа хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи ашәҟәы рҭаҩра хацдыркит рашәара 26 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ԥхынгәы 3 рзы ашәҟәы иҭанагалеит атәыла ахадас ҳәа Аӡынба Шамили Артур Анқәаби ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Рашәара 26 рзы ашәҟәы иҭагалан Алмас Џьапуа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргыло аполитикатә партиа "Акзаареи".

Рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭагалан Асҭамыр Какалиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ, рашәара 28 рзы - Асҭамыр Ҭарбеи Асҭамыр Оҭырбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ԥхынгәы 1 азы ашәҟәы иҭагалан аполитикатә партиа "Иаку Аԥсны", ԥхынгәы 2 рзы – аполитикатә партиа "Амцахара".

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы.

Рашәара 26 рзы Алхратә комиссиа хада акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара иалагоит. Ашәҟәқәа рыдкылара хыркәшахоит абжьыҭира арыцхә 40 мшы шагу - ԥхынгәы 17 рзы. Ашәҟәқәа АКХ ианаднакыла ашьҭахь жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 25 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

ААК ашәҟәы иҭанагалеит акандидатцәа ралхразы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥқәа>>

Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ. Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

Ахада далырхуеит ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иҭаны. Убри аан ҩынтә инеиҳаны инеиԥынкыланы иалхра ҟалом. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Акандидат иҭаҩраз мап ркыр ҟалоит:

· аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны днымхозар.

· аҳәынҭқарратә бызшәа изымдыруазар.

· ихашәалақәа рхыҵхырҭақәа рымдыруазар.

· аматериалқәа (анапаҵаҩрақәа) азымхозар.

Мшаԥы 4 рзы имҩаԥысуаз Апарламент аилатәараҿы адепутатцәа абжьыҭира азакәан аԥсахрақәа аларгалеит. Абжьыҭираан анацәкьыс адырга аҭара аԥыххоит, абиуллетень аҟны акандидатцәа рыҵәаӷәара аԥыххоит. Уажәшьҭарнахыс убжьы зуҭо ижәла аҿаԥхьа адырга ҟауҵоит.

Атәылауаа реиҳараҩык "зегьы рҿагылара" азгәарҭар, аиҭалхра мҩаԥгахоит.

Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысыз

Адепутатцәа иара убасгьы ирыӡбеит анацәкьыс адырга аҭара иашам ҳәа. Уи ацынхәрас зыбжьы зҭиз ахаҿқәа ртәылауҩшәҟәқәа рҿы адырга-мҳәыр ҟарҵалоит.

Иара убасгьы апарламент адепутатцәа мап ацәыркит аҳәаанырцә атәылауааи аиҿкаарақәеи кандидатк идгыланы агитациа аҟаҵара.

Абжьыҭираҿ иалагалоу аԥсахрақәа:

· анацәкьыс адырга аҭара.

· акандидатцәа рыҵәаӷәара аԥыххоит. Уажәшьҭарнахыс убжьы зуҭо ижәла аҿаԥхьа адырга ҟауҵоит.

· агәраргага ҿых ала абжьыҭира.

· атәылауаҩшәҟәқәа рҿы адырга-мҳәыр аргылара.

Аҿыцрақәа алагалоуп: "Аԥсуа бызшәазы" аԥышәара зегь аҵанамкыр ауеит>>

Алхрақәа раан абжьыҭира азин рымоуп 18 шықәса зхыҵхьо Аԥсны атәылауаҩ.

Абжьыҭираан Аԥсны ушатәылауаҩҩу шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы уцзароуп.

Ииааиз ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% бжьык ацны изауз акандидат.

Аҩбатәи атур аҭахханы иҟалар имҩаԥгахоит ҩымчыбжь рышьҭахь.

Аҩбатәи атур аан инеиз алхыҩцәа бжьеиҳала иалырхыз акандидат аԥыжәара игоит.

Аҩбатәи атур иалахәхароуп 25 процент атәылауаа, алхыҩцәа рсиа иану.

Аҩбатәи атур аҟны ацәгьы далхымхар, имҩаԥгахоит аиҭалхрақәа.

Азакәан инақәыршәаны агитациатә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп акандидат данҭарыҩ инаркны абжьыҭира амш аҟынӡа.

Акандидатцәа ателехәаԥшраҿы еиҟараны аефиртә аамҭа рыҭахоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0