Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАишьцәа Ажьиаа Ҭырқәтәалантәи рыжәлантәқәеи дареи реиқәшәара
Аишьцәа Ажьиаа Ҭырқәтәалантәи рыжәлантәқәеи дареи реиқәшәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны зыԥсшьарамшқәа зхызго Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа ирҭааит Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи рҟнытә Ажьиаа аишьцәа-аижәлантәқәа рхаҭарнакцәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны арепатриациазы аминистрра еиҿнакааз апрограмма инақәыршәаны, Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟнытә Аԥсуа Федерациеи Кавказтәи Афедерациеи ирылоу ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа 50-ҩык рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ԥхынгәы 1 инаркны 10-нӡа рыԥсшьарамшқәа мҩасуеит.

Агәыԥ иалоу аԥсуа жәлақәа иреиуоуп Ажьиаагьы. Уи заҳаз Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи инхо аишьцәа-аижәлантәқәа Ажьиаа гәыԥҩык агәаҳәара аадырԥшит чеиџьыкалеи ҳамҭалеи ахәыҷқәа ирҭааны "бзиала шәаабеит" ҳәа рарҳәарц.

© Sputnik / Томас ТхайцукНиҳан Кәаӡԥҳаи лԥацәа Жьиааи
Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит - Sputnik Аҧсны
Ниҳан Кәаӡԥҳаи лԥацәа Жьиааи

"Абас еиԥш иҟоу апрограмма аҵак дуӡӡа амоуп ҳауаажәлар раӡәкразы. Агәра ганы сыҟоуп, иахьа зџьынџьдгьыл зшьапы ықәзыргылаз ахәыҷқәа ргәаҵаҿы ишҿыхаз ацәанырра ҿыцқәа - уи, хымԥада, рыԥсадгьыли рыуаажәлари рахь агәыбылра ауп. Ҳаргьы аижәлантәқәа Ажьиаа иҳаӡбеит ҳахәҭакахьала агәыԥ иалоу агәцаракара рзаарԥшра. Хымԥада доусы ишьа даднаԥхьалоит, аха уеизгьы ахәыҷқәа еилаҳхӡом, зегьы еиԥшны бзиа иаабоит", - лҳәеит Мадина Ажьиԥҳа.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа

Ажьиаа изабадырыз раҳәшьа Ниҳани ҩыџьа еицииз лԥацәеи рнаҩс, ирацәаҩӡан ҭынхарала ирзааигәаз егьырҭ асасцәагьы. Агәыԥ иалоуп Аҩӡаа, Ҷанаа, Лазаа, Ԥалаа, Цыгәаа, Бганаа, Ҳалуашьаа, Аӡынаа, Агәмаақәа уҳәа аԥсуа жәлақәа жәпакы рхаҭарнакцәа.

Аҩтәылак рҟны инхо Ажьиаа аиҭанеиааира рыбжьалеижьҭеи акрааҵуеит.

Есышықәса аишьцәа-аижәлантәқәа реиқәшәарақәа раан Аԥсныҟа иаауеит имаҷҩымкәа Ҭырқәтәылантәи Ажьиаа, убас уахь ицо рацәаҩӡоуп.

Ажьиаа, ҳџьынџьуаа хәыҷқәа иахьырҭааз ҳаҭыр ду ақәиҵеит Аԥсны Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар. Иара иазгәеиҭеит, ари аидеологиатә ҟазшьа змоу аԥшьгамҭа ҿырԥшыганы ишыҟоу зегь рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын зыбжьоу аишьцәа реиԥылара, реибадырра
Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит - Sputnik Аҧсны
Амшын зыбжьоу аишьцәа реиԥылара, реибадырра

"Иахьа, шәара шәашьцәа жәбарц шәааит, уи еиҳау абаҟоу. Абас ауп ажәлар агәыбылра, абзиабара, аиҭанеиааира шрыбжьало. Агәра ганы сыҟоуп, Ажьиаа раԥшьгамҭа егьырҭ ажәлақәагьы акциак аҳасабала имҩаԥыргар, ҳажәлар еиҳагьы рыжәҩахыр шеибырҭоз", - ҳәа наҵеишьит аминистр.

Зџьынџьдгьыл ахь иааз хәыҷи-дуи рзы ари апроект мҩахәасҭахоит аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы ҳәа азиԥхьаӡоит Беслан Дбар.

Зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ихынҳəуа рзы еснагь ашəқəа ҟьаҟьаӡа иаартуп>>

Кавказтәи Афедерациа ахаҭарнак, раԥхьаӡакәны зыԥсадгьыл зшьапы ықәзыргылаз Али Инаԥҳа иҳәеит иабдуцәа рхәышҭаарамца ахьеиқәыз атәылахь ахынҳәра игәы ишҭоу. Араҟа иибаз, иаҳаз зегьы доуҳатә мчык еиԥш еиҳагьы иџьынџь ахь ихо иалагеит.

Али гәахәара дула идикылеит Ажьиаа ахьырҭааз. "Абри ауп изахьӡу аԥсуара", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи Ажьиаа рашьцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭеит
Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи Ажьиаа рашьцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭеит

Ҳџьынџьуаа хәыҷқәа Аԥсны иҟанаҵы ргәыԥ аиҳабацәеи дареи ирымазаауеит алшара ҳтәыла аҭыԥ ԥшӡарақәеи, аҭоурыхтә ҭыԥқәеи, амузеиқәеи рҭаара.

Иазгәоумҭарц залшом зықәра аҵанакыз аҿар Аԥсны ишатәу зырҵабыргуа атәылауаҩ шәҟәқәа шрыҭахо. Аригьы шьаҿахоит рыԥсадгьыл ахь рхьарԥшразы.

Дбар "Ахьышьҭрахь - 2019" азы: ахәыҷқәа рџьынџь ԥсадгьыл ргәы иҭымҵәо иаанхароуп>>

Аишьцәа-аижәлантәқәа Ажьиаа рыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа иарҳәоит агәыԥ здызкылаз асасааирҭа аԥшәмагьы Низам Ҳапат. Иара 28 шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа дыруаӡәкуп. Хымԥада, Низам ҿырԥшыс дрымазаауеит иахьатәи исасцәа хәыҷқәа. Дара рыблала ирбоит рҭоурыхтә дгьыл аҿы рышьаҭа адыркырц шрылшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0