Ҳабҩықә иаадыртит Ииультәи аоперациаан иҭахаз рбаҟа

© FotoҲабҩықә абаҟа аартра
Ҳабҩықә абаҟа аартра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы ажәыларатә операциаан абатальон "Горец" Ҳабҩықә ақәцәан итәаразы адҵа рыман.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳабҩықә иаадыртит ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы ажәыларатә операциаан иҭахаз ирызку рбаҟа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашба.

"Аҟәа араион ахада ицхыраарала абаҟа аргылара алыршахеит. Абаҟа ашәара метрак инеиҳауп. Ари аҭыԥ аҿы абатальон алахәылацәа ҩымчыбжь аусурақәа мҩаԥыргон", - иҳәеит иара.

© Foto / очевидецАбаҟа аартра иазкыз амитинг
Ҳабҩықә иаадыртит Ииультәи аоперациаан иҭахаз рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Абаҟа аартра иазкыз амитинг

Абаҟа иҭахаз рыхьӡқәа анҵахоит.

Тамшьтәи афырхацәа рбаҟа еиҭашьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Тамшьтәи афырхацәа рбаҟа еиҭашьақәыргылоуп

"Абаҟа аргылараан ҳхы иаҳархәеит иҭахаз авертолиот ахәҭақәа", - иҳәеит Вианор Ашба.

Ԥхынгәы 4, 1993 шықәса рзы ажәыларатә операциаан абатальон "Горец" Ҳабҩықә ақәцәан итәарц адҵа рыман.

Абри амш аҽны Аԥсны Атәылахьчара аминистрра рҿаԥхьа дҵаны иқәнаргылеит ари ашьхаҿ ахырӷәӷәарҭа аанкылара. Аҟәа, Цугуровка, Каман ргаразы Ҳабҩықә астратегиатә ҵак ду аман. Ашьха анапаҿы аанкылара иалнаршон аӷа импыҵакыз аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәылара амҩаԥгара.

Гәдоуҭантәи иԥрыз авертолиот "МИ-8" ашьхаҿы атәара иахьӡаанӡа ақырҭуа гвардееццәа рыԥшыхәырҭақәа рҟынтәи амца ажәырҵеит. Ааха зауз авертолиот амца акит. Аибашьцәа ахысра иалагеит, убри аамҭазы авертолиот аҭыԥарагьы иалагеит, адесант ахьӡаны аҽырӷәӷәарҭа роурц азы. Усҟан 46–ҩык рҟынтәи еиқәхеит 17-ҩык, анаҩс ируз ахәрақәа ирыхҟьаны урҭ рахьтә зыԥсҭазаара иалҵқәазгьы ҟалеит, 5–ҩык хабарда ибжьаӡит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0