Гагра ихдыркәшеит аҭоурыхтә туробиект аиҭашьақәыргылара

© Sputnik / Акоп КущянГагра ихдыркәшеит аҭоурыхтә туробиект аиҭашьақәыргылара
Гагра ихдыркәшеит аҭоурыхтә туробиект аиҭашьақәыргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" аиҭашьақәыргылара нап аркын 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гагра, "Гранд -отель Абхазия" аусура еиҭашьақәгылеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит акомплекс адиректор Владимир Бигәаа.

Иара иажәақәа рыла иахьазы 15 еихагыла иҟоу асасааирҭаҿ аус ауеит акаҳуажәырҭа, зӡы дырԥхо аӡҭарчы, аус ауеит асасааирҭа иатәу аплиаж, аномерқәа зегьы рҿы Wi-Fi ықәгылоуп, аҭааҩцәа рымаҵ ауразы атрансфер азырхиоуп, аномер ахәԥсахь иаҵанакуеит шьыжьхьа.

© Foto / Booking.com
Гостиница Абхазия - Sputnik Аҧсны
1/5
© Foto / Booking.com
Гостиница Абхазия - Sputnik Аҧсны
2/5
© Foto / Booking.com
Гостиница Абхазия - Sputnik Аҧсны
3/5
© Foto / Booking.com
Гостиница Абхазия - Sputnik Аҧсны
4/5
© Foto / Booking.com
Гостиница Абхазия - Sputnik Аҧсны
5/5
1/5
2/5
3/5
4/5
5/5

"Иаанханы иҟоу аусурақәа рахь иаҵанакуеит цәынхак ыҟазар ааиҭахарҭәаара, асасааирҭа акәша-мыкәшатәи аҵакыра арԥшӡара. Аԥсшьаҩцәа рыбзазара еиҳа арманшәаларазы аӡы ыҟамкәа иҟалар ҳәа аӡеизакырҭақәеи аӡырԥхагақәеи ықәыргылоуп, афымцалашара еиԥҟьар ҳәа – агенератор аусура иазырхиоуп", - азгәеиҭеит Бигәаа.

Иахьазы аус руеит 51 номер. Зынӡа иазыԥхьагәаҭоуп 255 номер(лиукс, полулиукс, стандарт, економ аклассқәа ирыҵаркуа). "Гранд-отель Абхазия" аҿы аномер заанаҵы аҿаҵара алшоит апортал Booking.com.ала.

"Асовет аамҭақәа рзгьы еицырдыруаз ҳсасааирҭа аԥсшьацәа радыԥхьаларазы уахыки-ҽнаки рыхәԥса 2000 рҟынӡа иларҟәуп", - иҳәоит адиректор.

Иахьазы ара аус руеит 40-ҩык ауааԥсыра.

"Асасааирҭа инхарҭәааны аусура иалагар 105-ҩык рҟынӡа аусуцәа аусурҭаҭыԥқәа роуеит. Ҳара ахаҭабзиара урыстәылатәи астандартқәа ирықәыршәаны ишьақәҳаргылеит. Ԥхьаҟагьы еиҳа-еиҳа еиӷьаҳтәлароуп", - иҳәеит Бигәаа.

Гагра агәашьаркыра аргылара - Sputnik Аҧсны
Аԥсыршьага ҭыԥ: Гагра агәашьаркыра ҿыц аргылара иаҿуп

Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" аиҭашьақәыргылара нап аркын 2018 шықәса рзы.

2018 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Жәлар реизараҿ ирыдыркылеит априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа-цҵа. Абри инақәыршәаны асасааирҭа "Абхазия" хатәтәра иргеит. Иара убри ашықәс, нанҳәамзазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нап дыркхеит.

"Абхазия" згаз 67 миллион мааҭ ирызтәеит. Аилаӡарала дара хыдҵаны иргеит хышықәса рыҩныҵҟала 110 миллион мааҭ алагаланы инхарҭәааны аусура аларгара.

"Гранд -отель Абхазия" официалла аартра мҩаԥгахоит 2019 шықәса ҭагалан азы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0