Надараиа Гал араион атуризм азы алшарақәа дрыхцәажәеит

© SputnikҬемыр Надараиа
Ҭемыр Надараиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Гал араион аҿы атуризм арҿиаразы аԥаралагала ду аҭахны иҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Гал атуристцәа идурбаша аҭыԥ ԥшӡарақәа рацәоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Ҭемыр Надараиа.

"Аиҳарак Урыстәылантәи арахь иаауа ара инхо рыуацәа-рҭынхацәа роуп. Егьыс атуристцәа маҷуп. Урҭ неиуазаргьы, "ЕгрыГЕС" ахь ауп иахьнарго", - иҳәеит иара.

Араион аҿы ирацәоуп аҭоурыхтә, адоуҳатә ҭыԥқәа, аԥсабара аԥшӡарақәа. Надараиа игәаанагарала, уаднаԥхьалартә иҟоуп Галтәи аӡеизакырҭа. Иара 2018 шықәса рзы Аԥсны Акультура аминистрра атуристтә маршрутқәа реиқәыԥхьаӡахь иаҵанаркит.

"Аӡеизакырҭа ихуҵар ҟалоит ауаа лазга-ҩазго ашхәақәа. Амҩа бзиоуп. Ааигәа иеиҭашьақәыргылан. Акәша-мыкәша аинфраструктура аҿиара аҭазар, атуристцәа рзы аинтерес аҵалон", - иҳәеит Надараиа.

Надараиа игәаанагарала, атуристцәа рыҟамзаара зыдҳәалоу асовет аамҭақәа рызгьы Гал араион туристтә раионны иахьахәамԥшуаз ауп.

Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Надараиа: аамҭа цәгьа ҳанҭагылаз ҳгәы каҳмыжьӡеит, иахьагьы агәкажьра азин ҳамаӡам

"Асовет аамҭақәа рызгьы Гал араион қыҭанхамҩатә раионны акәын ишахәаԥшуаз, туристтә раионны иԥхьаӡамызт. Атурист обиектқәагьы дыргыломызт. Иара иахьагьы иҟам", - иҳәеит Надараиа.

Иахьазы Гал араион аҿы атуризм арҿиаразы аԥаралагала ду аҭахны иҟоуп. Араион ахада игәаанагарала, Очамчыра араион аҟны атуризм аҿиара иазырхазар еиҳа ихәарҭахоит.

Ус шакәугьы, Гал араион ахада игәаанагарала, ара еиҿкаахар алшоит амилаҭтә чыс агьамабаразы атуризм ма аԥшьаныҟәаратә туризм ҳәа изышьҭоу атуризм ахырхарҭақәа ҳәа иҳәоит Надараиа.

Ҭемыр Надараиа иазгәеиҭеит иахьа араион аҿы аԥсҭазаара шҭышәынтәалоу.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0