Амшын ацқьаразы иҟаз апроблемақәа рҭыԥ иқәҵоуп

© Sputnik Константин ГрецовАцрыҵрыцқьаратә хархәагақәа
Ацрыҵрыцқьаратә хархәагақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аканализациатә станциаҿ аҭыԥ змаз аиԥҟьарақәа ирыхҟьаны ацрыҵқәа шиашоу амшын иалалон лаҵарамзаахыс.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аканализациатә станциа хадаҿы афымцарныҟәага аремонт азуны еиҭашьақәдыргылеит ҳәа ааицҳаит АУН "Аӡыканал" анџьныр еиҳабы Мераб Анқәаб.

"Афымцарныҟәагеи аӡҭыгагеи Краснодар аремонт рзыҟарҵеит. Иахьа дара ықәҳаргылеит. Уажәшьҭарнахыс аӡыцрыҵқәа зегьы Алада Ешыра иҟоу арыцқьагатә ргыларахь инашьҭхалоит", - иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лажәақәа рыла, амашәыртә црыҵлашьҭра амшын ахь ииаган.

Узыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам: амшынӡы аҭагылазаашьа иахцәажәеит аҳақьымцәа>>

"250 метра амшын аҟәара инацәыхараны амашәыртә лашьҭрақәа мҩаԥган", - лҳәоит лара.

Лара убасгьы иазгәалҭеит амшынӡы анализқәа есымчыбжьа ишымҩаԥыргоз. Урҭ рылҵшәақәа инарықәыршәаны, амшынӡы цқьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥхын азҵаара: иҟалома ҳамшын аҿы аҽыкәабара?>>

АУН "Аӡыканал" Алада Ешыра игылоу арыцқьаратә хархәагақәа аҳҭнықалақь аканализациатә црыҵқәа зегь еиднакылоит. 90% рҟынӡа ирыцқьоу ацрыҵ амшын иалалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0