Леонид Лакербаиа изыҳәала Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭазы ашшыԥхьыӡ нашьҭуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИреиҳаӡоу аӡбарҭа
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леонид Лакербаиа нанҳәа 20 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инаишьҭыз азыҳәазы иаднакылаз аӡбамҭазы Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи аҭоурыхдырыҩ Станислав Лакобеи рышшыԥхьыӡ ҭнаҵаараны иҟоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аԥсны уаанӡатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа изыҳәала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аганахьала Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи аҭоурыхдырыҩ Станислав Лакобеи рышшыԥхьыӡ ҭнаҵаараны иҟоуп Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Иазгәаҭоуп, ашшыԥхьыӡ назышьҭыз Аҟәатәи аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа азакәаншьаҭа амам, уи адкылараан аматериалтәи апроцессуалтәи зинқәа рнормақәа еилагоуп ҳәа.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 20 рзы.

Аԥсны уаанӡатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарахь аҭоурыхдырыҩцәа Станислав Лакоба, Олег Бӷажәба, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи рганахьала азыҳәа наишьҭит. Лакербаиа имцуп ҳәа ахиҳәааит 2015 шықәса рзы иҭыҵыз арҵагашәҟәы "Аԥсны аҭоурых" иану афраза: "2014 шықәса лаҵара 29 рзы иҟаз аҭагылазаашьа инақәыршәаны, 2013 шықәса жәабранмзазы знапынҵақәа рааныжьра рылазҳәахьаз аԥыза-министр Л. Лакербаиа Аԥсны Апарламент агәрамгаратә вотум иқәырҵеит".

Изыҳәаҿы Лакербаиа иазгәеиҭеит уаанӡа ԥхьатәара ацаразы лаҳәара шыҟаимҵацыз, ашәҟәы иану ихьӡи иусуратә хыԥшеи ланарҟәуеит ҳәа ишиԥхьаӡо.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Белла Хасаиа лхантәаҩрала рашәара 10 рзы аӡбаратә еилатәара мҩаԥысит. Аӡбаҩцәа иазырыԥхьаӡеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иуадаҿ Леонид Лакербаиа смаҵура аансыжьуеит ҳәа ииҳәаз ажәақәа официалтә ҳәамҭаны иҟамызт, уи хаҭалатәи реицәажәараан ауп ишҳәаз ҳәа.

Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны, аԥыза-министр ԥхьатәара дцар алшоит атәыла ахада иахь аофициалтә арзаҳал анынаишьҭлак ашьҭахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0