Егры аҳәаа закәаншьаҭада иахысыз Қырҭтәыла атәылауаҩ Афон ҿыц даанкылоуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Егрытәи аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада иахысыз Қырҭтәыла атәылауаҩ даанкыланы Гал араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Афон ҿыц ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада дахьахысыз азы дааныркылеит 1983 шықәса рзы ииз Қырҭтәыла атәылауаҩ Беглар Тсилосани. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура асаит.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп иаанкылаз ауаҩы дышицыз 2015 шықәса рзы ииз иԥҳа Тиноти Тсилосани. Дара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭатә ҭыԥқәа рҿы акәымкәа Гал араион Папынырхәа ақыҭа иахьаҵанакуаз аҳәаа иахысит.

"Тсилосани Тиноти Беглар-иԥҳа лықәра ахьнаӡам азыԥхьагәаҭаны ахәыҷы Евроеидгыла ахылаԥшыҩцәа рмиссиа алархәны лан, Қырҭтәыла атәылауаҩ Гогсаӡе Ҭамара длырҭеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада иахысыз Қырҭтәыла атәылауаҩ даанкыланы, Гал араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0