Ԥхынгәы 12 рзы Гагра араион ахәҭак 2-сааҭк фымцалашарада иаанхоит

© Sputnik / Artem KreminskyАфымцалашаратә цәаҳәақәа
Афымцалашаратә цәаҳәақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 рзы Гагра араион аамҭала асааҭ 04:00 инаркны асааҭ 06:00. рҟынӡа фымцалашарада иаанхоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Астанциа маҷқәа "Гагра-2", "Холодная речка", "Цандрипш-тяга", "Гячрыпш" фымцала еиқәзыршәо зымчхара ҳараку ацәаҳәа "Жәкәара" ахәаша, ԥхынгәы 12 рзы асааҭ 04:00 инаркны асааҭ 06:00 рҟынӡа афымцалашара дырцәоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч". Уи зыхҟьаз амҩаду арыцқьара шакәу рҳәеит аусбарҭа адырраҭараҟны.

"Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра рҿаԥхьа аамҭалатәи ауадаҩразы аҭамзаара шьҭанаҵоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0