Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа иԥхьаӡоу даҽа хҩык рыхьыӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Мерцхәылаа иӷьычра инадҳәаланы мшаԥы 18 арзы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Георги Адлеиба, Ҭемыр Қәҭелиа, Нугзар Папаа Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа ззы агәаанагара ыҟоу Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала иаанкылоуп. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа асаит.

Георги Адлеиба, Ҭемыр Қәҭелиа, Нугзар Папаа рганахьала аӡбамҭа ахашшаара алшоит хаха-хымш рыҩнуҵҟа.

Георги Адлеиба, Ҭемыр Қәҭелиа, Нугзар Папаа, иара убас ақәылара иуит, ауаҩы диӷьычит, закәаншьаҭада абџьар ҵәахны иман ҳәа ззы агәаанагара ыҟоу Ерик Ҷкадуа рхара шьақәырӷәӷәахаанӡа ахара рыдуп ҳәа иԥхьаӡам.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рдыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан.

Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Хымз раԥхьа ирӷьычыз Омар Мерцхәылаа ацәгьоуцәа дырцәыбналеит

Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Анаҩс Mercedes-Benz Sprinter рыԥшааит Гәымсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк аҟны.

Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит мшаԥы 18 рзы. Убри инадҳәаланы хҩык ауаа аанкылоуп.

Мшаԥы 19 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, анаркотик маҭәашьарқәа реикәыршареи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Адгәыр Ӡкәуа. Ӡкәуа ихы ахара адиҵом.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Беслан Бганба иоушьҭра мап ацәнакит>>

Мшаԥы 23 рзы ирӷьычыз Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоперативтә усҭҵаарақәа рымҩаԥагараан ирбеит уанӡа иӡаз автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшааит асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа. Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

Мшаԥы 24 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Беслан Бганба. Бганба ихы ахара адиҵом.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа мап акит Мерцхәылаа иус ала иаанкылоу руаӡәк иоужьра>>

Мшаԥы 30 ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Уигьы ихы ахара адиҵом. Аҟәатәи аӡбарҭа арҭ ахҩык ҩымз ҳәа иааннакылеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0