Аԥсуа драматә театр иазааигәоу ахыбрақәа рҟны амцакра дырцәеит

© Sputnik / Томас Тхайцукамцарцәаҩцәа
амцарцәаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр аҿаԥшьы аҿы амцакра ҟалеит амҽыша, ԥхынгәы 14 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа драматә театр иазааигәоу ахыбрақәа рҟны амцакра ҟалеит. Арҭ ахыбрақәа уаҩ дрыҩнам ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аҳәынҭқарратә амцарцәаратә хылаԥшра аҟәша аиҳабы Андреи Казариан.

© Foto / МЧС АбхазииПоследствие пожара в одной из подсобок абхазского театра
Аԥсуа драматә театр иазааигәоу ахыбрақәа рҟны амцакра дырцәеит - Sputnik Аҧсны
Последствие пожара в одной из подсобок абхазского театра

Иара иажәақәа рыла амца атеатр ахыб ахь ииасыргьы ауан, аха АҶА аусзуҩцәа ирласны арцәара рылдыршеит.

"Адрамтеатр авара уаҩ дызхым ахыбрақәа ыҟоуп. Иҟалап уахь аҩныдацәа халазар, ҭҭынцыблыхазар амца иахыҵхырҭоу", - иҳәеит иара.

Аԥхьа АҶА ахь иҟаҵаз адырра иаҳәон "адраматә театр былуеит" ҳәа. Уахь инеиит амцарцәага машьынақәа хԥа.

Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеиит асааҭ 13:18 рзы, асааҭ 13:40 рзы амца дырцәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0