Рауль Ҳаџьымба амчратә усбарҭақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит Апрокурор хада, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ алархәны, ԥхынгәы 15 аҽны.

АҞӘА, ԥхынгәы 15, Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит Апрокурор хада, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ алархәны.

Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

"Ҳара изныкым ҳаиқәшәоижьҭеи ауаажәларра ргәы змырҭынчуа атемақәа рылацәажәаразы. Ааигәа аҭыԥ змаз ахҭысқәа: Кәыҵниа ҷкәын иҭахара, абаандаҩы Ҭарба ихҭыс ҳрылацәажәахьеит, ҳрықәыӡбхьеит. Аобиективтә еилыргара рмоур шамуа ҳҳәахьеит, дызусҭзаалакгьы ахара зхароу иқәнага дшақәыршәатәугьы азгәаҳҭахьеит. Аҳәара ҟасҵоит жәларбжьаратәи аусеицура ахархәара аҭаны аишьцәа Панцулаиаа Аԥсны аҵакырахь иаагазарц. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу аҭагылазаашьазы апрокуратура хада аусурақәа мҩаԥнагароуп. Азакәан ишаҳәо еиԥш ахара зду аҭакԥхықәра иаҵагылароуп. Апрокурор хада инаркны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟынӡа Мерцхәылаа иӷьычра аҭҵаара иалахәу зегьы аус аҵыхәанӡа еилдыргароуп. Ауаа аҭакԥхықәра шрыду рдыруазароуп. Иҟашәҵаша ыҟоуп, аус здыжәулаша рацәоуп", - иҳәеит атәыла ахада.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба имҩаԥгоу аус далацәажәеит:

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анзор Ҭарба иԥсра иалахуп ҳәа агәаанагара зызрымоу рмаҵура иамхуп

"Иҟасҵаз адҵа инақәыршәаны амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥган. Еидкылоу адокументқәа Аҟәа ақалақь апрокуратурахь инашьҭуп. Ҳәарада иҟалаз шыҟалаз шьақәыргылахоит, Ҭарба иԥсра зхароу зегьы шьақәыргылахоит. Амаҵзуратә напынҵақәа рхыҳәҳәареи амч ахархәареи рзы амилициа аусзуҩцәа азакәан ишаҳәо ирызныҟәатәуп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит иҟалаз шыҟалаз аилкааразы. Иахьазы Аҟәа ақалақь апрокуратура аусеилкаара хацнаркит. Сыдҵала абри аус иалахәу амилициа аусзуҩцәа рмаҵзурақәа ирымхуп. Атәылауаҩ Кәыҵниа ишьреи аиҭа Кәыҵниа ишьразы аҽазышәареи рганахь ала имҩаԥгоуп аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа. Ишьақәыргылоуп ашьра зуз – аишьцәа Панцулаиаа. Аԥсны АШәМ алархәны ишьақәҳаргылоит урҭ ахьыҟоу аҭыԥ. Иҳамоу аоперативтә информациала дара аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысны Қырҭтәылаҟа ииасит", - иҳәеит иара.

Апрокурор хада Зураб Ачба аусбарҭа аусура далацәажәеит:

"Ҭарба иҭахарала ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 288, ахәҭа 3 ала аусмҩаԥгатәқәа хацыркуп. Ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь апрокуратура. Иахьазы абри аус иалахәу амилициа аусзуҩцәа рмаҵзурақәа ирымхуп. Дасу, хаҭа-хаҭала ихара шьақәыргылахоит. Иҟоу шыҟоу атәы ауаажәларра идырдырхоит", - иҳәеит Ачба.

Омар Мерцхәылаа иус Апрокуратура хадахь ирыҭоуп 

Азинхьчаратә усбарҭақәа рдыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит мшаԥы 18 рзы. Убри инадҳәаланы фҩык ауаа аанкылоуп.

Аҟәа аиҿахысраан аӡәы дҭахеит, аӡәы ахәышәтәырҭа дҭашәеит

Аҟәа ақалақь Аиааира амҩадуи Аидгылара амҩеи реихысырҭаҿы ԥхынгәы 12 ҵхагәаны агәы аԥшьынахь ҳәызбала ахәра зауз Аинар Кәыҵниа, 1996 шықәсазы ииз, ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит, иҭҟьаз ахы заахаз Леон Кәыҵниа, 1997 шықәсазы ииз, аԥҟара изырун, аԥсеиқәырхара аҟәша дҭоуп.

Ашьаус аҭҵаара иаҿуп Аҟәа апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рмнистрра аоперативтә усбарҭақәа адҵақәа рыҭоуп аишьцәа Ԥанцулаиаа раанкыларазы.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0