Гал араион аҿы аапкрачымазара рацәахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБродячие собаки
Бродячие собаки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ауааԥсыра лассы-лассы ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаало иалагеит аԥстәқәа рыцҳара иахырҟьаны. Аапкрачымазара авирус асеиԥш арацәара зыхҟьази уи ҽацәыхьчашьас иҟоуи ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

2019 шықәса рашәарамза иҭагӡаны Галтәи араионтә хәышәтәырҭахь алақәеи ацыгәқәеи рыцҳара иахырҟьаны инеиит 36-ҩык. Иҟоуп аԥсыҭбарагьы. Абри инамаданы Гал араион ахадара аилацәажәара мҩаԥыргеит.

Карина Колпакчиан - Sputnik Аҧсны
Аԥстәқәа рыхьчаҩ: аԥстәқәа ҭынхадахоит ауаа рхарала

Араион аветеренартә ҳақьым хада Лиана Џьергьениа илҳәеит ааԥкра авирус шьақәызҟьо алаҵа шхәыда-ԥсадоугьы ауаа рыԥстәқәа уи рылаҵара мап ацәыркуеит. Лара илҳәеит аҩнтәы ԥстәқәа алаҵа рылазымҵо ахараԥса дыршәалазарц.

Аԥстәы аапкрачымазара шамаз алабораториаҿы ианышьақәдыргылалак ааигәа-сигәа иҟоу аԥстәқәа зегьы алаҵа рылаҵатәуп, аҭыԥ адизенфекциа иахыжьтәуп.

Гал араион аверболог хада Демна Сигуа еиҭеиҳәеит ауаа еиҳарак ирыцҳауа ахатә лақәа ма агәыларатә лақәа шракәу. Иара убри аан ирацәахеит ауаа ирыцҳауа ихуаадаха идәықәу алақәеи абгақәеи, абгалаџқәеи.

Амҷба: абгақәа рықәхра аус Очамчыра араион аҿы еиҭа иацҵахоит

Аԥсны аҳәынҭқарратә ветеренартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа иколлега иажәақәа дрықәшаҳаҭхеит, иҳәеит ауаа даарак ишырҭахым аԥстәқәа алаҵа рзыҟаҵара. Иара игәанала уи ауаа рацәак иҟоу ашәарҭара ахьырзеилымкаауоуп.

"Ауаҩы ала ма ацгәы аҩны ианыҩнеиҵо еиликаауазароуп аԥсабараҿ ачымазара бааԥсқәагьы шыҟоу. Уажәы аҳәынҭқарра абгалаџ ашьразы 500 мааҭ ашәоит, абгазы – 3000 мааҭ. Аха ауаа ирзеилкаауам абнатәԥстәқәа реизҳара аапкрачымазара шаррацәо", - ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара.

Аиҳарак аапкчымазара рацәоуп Гали Очамчыреи араионқәа рҿы.

Аапкчымазара аиҳа узыцәшәаша ҿкычымазароуп. Ианаамҭо аҳақьымцәа рыхь идымҵаалазар аԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа лҳәоит аҟәатәи аҿкычымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым Камилла Хәырхәмалԥҳа.

Роман Џьопуа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа абгақәа рықәхразы: аус ԥсыҽны имҩаԥысуеит

"Ари авирус аԥстәқәа зегьы аҵанакыр алшоит. Алаҵа ҟарҵоит аԥстәы ануцҳалак ашьҭахь. Уаанӡа ахәра ҿыӡәӡәаатәуп сапынӡыла, аҳақьымцәа рахь инеитәуп", - лҳәоит лара.

Аԥстәы ануцҳарак ашьҭахь 72 сааҭ рыҩныҵҟа ахәышәтәырҭахь идҵаалатәуп.

Аапкрачымазара раԥхьатәи адыргақәа: ахыхь, ацәеижьеилаҟәаҟәара, ацҳаҭыԥ ахьаара, аӡи алашареи рыцәшәара.

Аапкрачымазара алаҵа ԥыркы амам, ахәыҷқәа рызгьы адуцәа рызгьы. Акызаҵәык узхымԥаша – арыжәтә ажәра ҟалом шықәсыбжак аҩныҵҟа.

2016 шықәса раахыс Аҟәа ақалақь аҿы аапкрачымазара ахҭыскгьы ашәҟәы иҭагалам.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0