Аԥсны алхратә комиссиа хада ашәҟәҭаҩрақәа хнаркәшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦИК
ЦИК  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада изаамҭанытәиу иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса нанҳәа 25 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Аҩаша, ԥхынгәы 16 рзы Аԥсны алхратә комиссиа хада акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рышәҟәҭаҩрақәа хнаркәшоит. Азакәанԥҵара инақәыршәаны ари аус хыркәшоуп алхрақәа ррыцхә – нанҳәа 25 рҟынӡа 40-мшы шыбжьоу.

Акандидатцәа

Рашәара 26 рзы ашәҟәы иҭагалан Алмас Џьапуа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргылоз аполитикатә партиа "Акзаареи".

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭагалан Асҭамыр Какалиа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥ, рашәара 28 рзы - Асҭамыр Ҭарбеи Асҭамыр Оҭырбеи ркандидатурақәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ԥхынгәы 1 азы ашәҟәы иҭагалан аполитикатә партиа "Аԥсны Акзаара", ԥхынгәы 2 рзы – аполитикатә партиа "Амцахара".

Ԥхынгәы 3 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны ахадарахьы Олег Аршбеи Шамиль Аӡынбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Аԥсны ахадарахьы акандидатс Рауль Ҳаџьымба иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ,

Аполитикатә партиа "Амцахара" изаамҭанытәим XI аизара ду аҟны, ԥхынгәы 10 рзы атәыла ахадас ҳәа иӡбахә рҳәеит Алхас Кәыҵниа уаанӡа иазыԥхьагәаҭаз Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы.

Аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи рыхьӡ ҳәоуп: Алмас Џьапуа, Асҭамур Какалиа, Асҭамур Ҭарба, Асҭамур Оҭырба, Шамиль Аӡынба, Артур Анқәаб, Олег Аршба, Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа.

Ашәҟәқәа АКХ ианаднакыла ашьҭахь, жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 25 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысыз

Атәыла ахадарахьы акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа рҭаҩразы иаҭахуп 10-ҩык ауаа, урҭ зегьы дара рхаҭара шьақәзыргыло адокументқәа ааргароуп. АКХ урҭ ирынаҭоит ахадарахьы акандидат иҭаҩразы иаҭаху адокументқәа рсиа.

Аԥҟарақәа

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иҭаны. Убри аан инеиԥынкыланы ҩынтә иеиҳаны иалхра ҟалом. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ. Азакәан инақәыршәаны агитациатә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп акандидат данҭарыҩ инаркны абжьыҭара амш аҟынӡа (абжьыҭара амш аҿны агитациа аҟаҵара ҟалом - аред.). Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

Аԥхьанатә Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2019 шықәса ԥхынгәы 21 рзы. Аха, лаҵара 20 рзы атәыла аиҳабыра рхыбрақәа рҿаԥхьа аоппозициа адгылаҩцәа еизеит алхрақәа ԥхынгәы 21 иахыганы ҭагалан ахь ииагазарц.

Апарламент асессиа ҷыда мҩаԥнагеит абри азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

Жәлар Реизара амшхәаԥштә азҵаараҿы иқәгылан: "Аԥсны Апарламент ақәҵара "Аԥсны ахада иалхразы" аԥыхрази "Аԥсны ахада иалхрақәа рыҿҳәара ашьақәыргыларази"; "Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә закәан "Аԥсны азакәан "Аԥсны ахада иалхразы" ахәҭаҷ 6 ахь амаратори алагаларазы апроект азы".

Абжьыҭира иалагеит аҩбатәи апункт ала. Иахәҭаны иҟаз 24 бжьы рцынхәрас 14-ҩык адепутатцәа абир иақәшаҳаҭхеит. Абас ала иааныжьын арыцхә – 2019 шықәса, ԥхынгәы 21.

Абри ашьҭахь, лаҵара 21 рзы аоппозициаа ирыдыркылеит атәыла ахада иажәалагала: алхрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь ииагазарц.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы Апарламент ахь ирыдигалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аконституциатә закәан аԥсахрақәа алагалазарц Азакәан апроект.

Апроект иазыԥхьагәанаҭоит алхрақәа рыҿҳәара атәыла ахада инапынҵақәа анышьҭеиҵонӡа ҩымз рҟынтәи мызк аҟынӡа реиҵатәра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0