Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Георги Адлеиба ирбаандаҩра иашоуп ҳәа ишьақәнаргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Георги Адлеиба Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәын ҳәа даанкылан.

АҞӘА, ԥхынгәы 17— Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә ӡбарҭа Георги Адлеиба ирбаандаҩра иашоуп ҳәа ишьақәнаргылеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа иԥхьаӡоу даҽа хҩык рыхьыӡқәа ҳәоуп

Ахара ихароуп ҳәа агәызҩара зызрымоу ихьчаҩ Иван Зарандиа, Георги Адлеиба иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны дахьынхо азыԥхьагәаҭаны аӡбаҩцәа дрыҳәоит аҩнытәи ирбаандаҩра адгылара арҭарц.

Аус анҭырҵаа ашьҭахь Ахашшааратә ӡбарҭа адукат ишшыԥхьыӡ ҭакда иааныжьны, Адлеиба ирбаандаҩра иашоуп ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.

"2019 шықәса ԥхынгәы 9 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, аӡбаҩ Орҳан Чедиа ихантәаҩрала Георги Адлеиба иганахь ала аусҭҵааратә усбарҭа азыҳәа иадгылан, Георги Адлеиба дырбаандаҩтәуп ҳәа ишьақәнаргылеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Георги Адлеиба ахара ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп азинмчы змоу ахарадҵа шьақәыргылахаанӡа.

Азинхьчаратә усбарҭақәа уаанӡатәи рдыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан.

Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0