Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир мҩаԥгахоит Афон Ҿыц

© Фото : ФФАГиви Смыр игәалашәара иазку атурнир мҩаԥгахоит Афон Ҿыц
Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир мҩаԥгахоит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир Аԥсны, Урыстәыла, ДЖәР, ЛЖәР ркомандақәа 16 алархәны имҩаԥгахоит Афон.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир Аԥсны, Урыстәыла, ДЖәР, ЛЖәР ркомандақәа 16 алархәны имҩаԥгахоит Афон Ҿыц, ԥхынгәы 28 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афонтәи акоманда азыҟаҵаҩ Армен Капикиан.

Цкәуа Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир азы: сынтәа жәларбжьаратәины иҟалеит

Атурнир аиҿкааҩцәа акомандақәа гәыԥла еихыршеит.

"Зынӡа ԥшь-гәыԥк ҟалоит. Афиналқәа ҩба ҟалоит. Акомандақәа ԥшьба афиналбжаҿы инеины "ахьы" азы еиндаҭлоит, егьырҭ аԥшьба. Афиналбжаҿынӡа изымнеиз – "аразны" азы еиндаҭлоит. Асеиԥш иҳаӡбеит ахәыҷқәа рзы еиҳа аинтерес аҵаларц", - иҳәеит Капикиан.

Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампыл азы III атурнир Аԥсны, Урыстәыла, ДЖәР, ЛЖәР ркомандақәа 16 алархәны имҩаԥгахоит Афон ԥхынгәы 28 инаркны нанҳәа 1 аҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0