Иажәа ажәан, ииҳәаз ҳәан: арҵаҩы Назырбеи Габниа игәаларшәаразы

© Foto / Беслан ЛагвилаваНазырбей Габния
Назырбей Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьырхәатәи абжьаратә школ ԥасатәи адиректор, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу аибашьра аветеран, "Иреиӷьу анапхгаҩы", "Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ ҳаракқәа зыхҵоу, "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара заҭәашьоу, изныкымкәа Гәдоуҭа араион адепутатс иалырххьаз Назырбеи Габниа иԥсҭазаара далҵит 66 шықәса дшырҭагылаз.

Изаамҭанымкәа адунеи зыԥсахыз Назырбеи Смаил-иԥа Габниа, зқәыԥшра шықәсқәа раахыс дыздыруаз Аҷандаратәи абжьаратә школ адиректор Валери Расим-иԥа Аҩӡба еиҭеиҳәеит зажәеи зуси назыгӡоз иҩыза иҟазшьа ҷыдарақәа ртәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

1974 шықәсазы, Максим Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы еибадырыз астудентцәа Назырбеи Габниеи Валери Аҩӡбеи патуеиқәҵара рыбжьалеит, аеишьцәа реиԥш бзиа еибабеит.

Габниа еиҭеиҳәеит Џьырхәа рҳаблаҟны аԥсрақәа раан ԥҟарас изықәныҟәо

"Сара аинститут санҭала, Назырбеи Габниа уажәшьҭа аҩбатәи акурс ахь диасхьан. Ҳанеибадыр, еиҳабык иаҳасабала сидҵаалон, иажәа ҟәыш сацныҟәон. Ҟазшьала ҳанеилибакаа, ҽнак ҳаибамбар иаҳзычҳауамызт", - иҳәоит аҩыза.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

Назырбеи Габниеи Валери Аҩӡбеи усҟантәи аамҭазы зынӡа ишқәыԥшызгьы, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара активла иалахәын. Уахынла мацара, аӡәгьы рҽыдмырбаӡакәа аԥсуа ҭаацәарақәа ирҭааны, "уаҵәы абри аҭыԥ аҟны шәеизароуп" ҳәа реиҳабыра рнапы ианырҵоз рабжьаргон. Аҵара ашьҭахь, Назырбеи Џьырхәатәи ихарҭәаам абжьаратә школ директорс дарҭоит. Анаҩс, иқыҭаҿы, ихарҭәаау абжьаратә школ дахагылоит. Апедадогигатә факультет дшалгахьазгьы, латәарада иҵара иациҵоит, дҭалоит аҭоурыхтә факультет. Наҟ-наҟ ари амаҭәаргьы мҩаԥиго далагоит ашкол аҿы.

"Назырбеи аҭаацәара ԥшӡа аԥиҵеит, ахәыҷы хазынақәа иааӡеит. Аха убри инаваргыланы, ажәлар рус даҿын уахи-ҽни. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аоперациа далахәын. Уи ашьҭахь, Владислав Арӡынба идҵа инақәыршәаны, ашколқәа рдиректорцәеи арҵаҩцәеи рус ахь ихынҳәит. Назырбеи дыруаӡәкхеит, аибашьра цонаҵы, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟаз абиԥараҿа аҵара ргәы ахымшәартә еиԥш, уимоу еиҳагьы ргәы азыҳәо иҟазҵаз", - еиҭеиҳәоит Валери Расим-иԥа.

Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

Изныкымкәа Џьырхәатәи абжьаратә школ ахь имҩахыҵхьоу Аҷандаратәи абжьаратә школ адиректор Валери Аҩӡба иазгәеиҭоит, ари ахыбраҟны Назырбеи Смаил-иԥа амузеи шаԥиҵаз. Ҽаџьара еиԥшымкәа еиҿкаауп, Аԥсны жәлар знысхьоу аҭоурыхтә мҩа аазырԥшуа акәакьқәа.

"Иааџьоумшьарц залшом, абри ауаҩы илшаз ашкол аҩаӡара ашьҭхраҿы. Хаҭала избахьан, имахәарқәа ҵаркәакәаны, аусуцәа дрыдгыланы аклассқәа рҟны акашьырратә усурақәа шымҩаԥигоз. Ашкол ашҭа инаркны, аҩнуҵҟа кәакьцԥхьаӡа иԥхӡы ахькаҭәам ыҟаӡам. Сымҩашьакәагьы исҳәарц сылшоит, иахьатәи ҳаамҭазы зажәеи зуси назыгӡоз, иара иҩыза анапхгаҩы иԥшаара шымариам. Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит "аӡәы аԥсуара дныҟәнагоит, егьи иара иныҟәигоит" ҳәа. Назырбеи Габниа аԥсуара ныҟәигон иҳаракӡаны", - иҩыза дихцәажәоит Валери Аҩӡба.

Ииасхьоу аамҭала аҩыза итәы аҳәара зцәыцәгьоу Валери Расим-иԥа, ахатәы аиашьа диԥхазшәа иԥхьаӡоит. Иара агәыӷра ду ааирԥшуеит, Џьырхәатәи абжьаратә школ аҟны, зхатәы ҩни агәареи реиԥш зџьабаа аду адиректор ихьӡала гәалашәаратә ҭӡык аартхап ҳәа.

Назырбеи Смаил-иԥа Габниа иуаажәлар ргәалашәараҿы наунагӡа даанхоит дуаҩы лашаны, дуаҩы иашаны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0