Аԥсны ахада алхрақәа дызрылахәхо атәы аизара ду аҿы далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аизара ду аҿы дықәгылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ареспубликатә политикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аизара ду аҿы дықәгыланы иҳәеит алхрақәа аҽазныкгьы ихы рылаирхәырц зиӡбаз.

Ахада аҽазнык икандидатура ақәыргылара азҵаара далацәажәо иҳәеит:

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ Рауль Ҳаџьымба икандидатура ақәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ҭарҩит

"Сара иаахҵәаны исҳәоит скандидатура ззықәсыргыло. Аҭакԥхықәра сыдны схы збоит излагоу аконституциатә реформақәа рынагӡаразы, азинеиҿкаара ашьақәыргыларазы, атәыла ашәарҭадара арӷәӷәаразы, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы, еиуеиԥшым егьырҭ азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы", - ҳәа.

Иазгәеиҭеит "апроблемеи аҭагылазаашьеи ҩныҵҟала рдырра ишыҟарҵо аҵаҵӷәы излаго ашьаҿақәа рынагӡаразы". Ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥара азинхьчаратә усбарҭақәа реиԥш атәыла зегьы азгьы хымԥада иӡбтәны иҟоу усдҵоуп ҳәа иҳәеит Ҳаџьымба.

"ААР аструктураҿы ареформақәа рымҩаԥгара актуалра ду аманы ицәырҵит. ААР аиԥш егьырҭ азинмчратә структурақәа зегьы рҟны аиҭеиҿкаарақәа мҩаԥгатәуп", - иҳәеит иара.

Уи адагьы ахада хра аҭаны ишазхьаԥштәу атәы иҳәоит анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара азҵаара, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара.

"Ачынуаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагалара хымԥадатәны иҟалароуп, аҳәынҭқарратә структурақәа русура ауаа рзы иаартызароуп", - аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҳаџьымба.

Атәыла ахада дазааҭгылеит атәылаҿ атәанчахәытә реформа амҩаԥгара, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраз апрограмма аус адулара арццакра, ашколтә система аҳәынҭқарратә бызшәа шьаҭаны аҭара.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны алхратә комиссиа хада атәыла ахадас ркандидатура ҭарыҩхьеит : Рауль Ҳаџьымба, Леонида Ӡаԥшьба, Алхас Кәыҵниа, Шамил Аӡынба, Олег Аршба, Алмас Џьапуа, Асҭамур Ҭарба.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 2019 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0