Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза астатус аиуит

© Sputnik Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум"
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра ашьҭахь иаиуеит алшара уахыки-ҽнаки рыла хәнызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рыдкылара.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" абазатә статус аиуит Аԥсны аминистрцәа реилазаара иаднакылаз аӡбрала ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аԥсны ахада иқәҵарала аус зыдулоу апроект иазыԥхьагәанаҭоит аҳаиртә баӷәаза аҳәынҭқарратәи аграждантәи ҳаирыпланқәа рыдкылара.

Апроект адгалара аиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа аиҳабы Вахтанг Ԥиԥиа. Иара иҳәеит аҳаиртә баӷәаза "аԥсҭаҵара" 2018 шықәса рзы иалаган ҳәа. Усҟан апроект-сметатә документациа азырхиаразы урыстәылатәи аинвесторцәа адыԥхьалан. Аусурақәа хыркәшахароуп 2019 шықәса нанҳәамзазы.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра ашьҭахь иаиуеит алшара уахыки-ҽнаки рыла хнызқьҩык инадыркны хәнызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рыдкылара.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.

1993 шықәса рзы аԥхасҭа ду зауз аҳаиртә баӷәаза адыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.

2006 шықәса рзы аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи аиҿкаара ICAO Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акод аԥнахит, аинформациагьы адокументқәа ирылнахит. Аҳаиртә баӷәаза жәларбжьаратә еимадаразы иаркхеит.

2011 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аҳаиртәеилахәыра "Новапорти" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

2014 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аилахәыра "Аэропорт Девелопменти" аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Иахьазы аҳаиртә баӷәаза ахархәара амоуп Аԥсны арра-ҳаиртә мчрақәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0