Қырҭтәыла Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгара акритика азнауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский аэропорт
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла атранспорттә усбарҭа иагәҭакуп Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгара алмыршара.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгареи Аԥсни егьырҭ атәылақәеи реимадареи алшом ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит. Уи зыхҟьо ҳәа иршьоит Жәларбжьаратәи аграждантә авиациа аиҿкаареи (ICAO) Қырҭтәыла азакәанԥҵареи рҿагылара.

РИА Новости ишаанацҳауала аминистрра апресс- маҵзура адырра ала "Аоккупациа зызуу аҵакырақәа рзы" азакәан инақәыршәаны Аԥсны аҳауатә ҵакыра аҭагылазаашьа ҷыда иаҵанакуеит, уи иалнаршом арҭ аҵакырақәа рҿы аԥырра.

"Жәларбжьаратәи ареисқәа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә рымҩаԥгара Жәларбжьаратәи аграждантә авиациа аиҿкаареи (ICAO) Қырҭтәыла азакәанԥҵареи ирҿагылоит. Аиҿкаара ICAO Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи аҳауатә ҵакыра акзаареи азханаҵоит", - азгәаҭан аминистрра адырраҭараҿы.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза астатус аиуит

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусура аиҭахацыркра иазкыз ақәҵара аднакылеит.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.

1993 шықәса рзы аԥхасҭа ду зауз аҳаиртә баӷәаза адыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.

2006 шықәса рзы аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи аиҿкаара ICAO Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акод аԥнахит, аинформациагьы адокументқәа ирылнахит. Аҳаиртә баӷәаза жәларбжьаратә еимадаразы иаркхеит.

2011 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аҳаиртәеилахәыра "Новапорти" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

2014 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аилахәыра "Аэропорт Девелопменти" аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Иахьазы аҳаиртә баӷәаза ахархәара амоуп Аԥсны арра-ҳаиртә мчрақәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0